TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.25K subscribers
Post #2243 230
Ажьҭараамза — жьҭаган ҳҭоуп, аха уажәыгьы џьара-џьара ахьшәа лаҳақәа ахьҿоу уԥылоит. Аамҭақәа еиԥшым, аҳауа аҽыԥсахрагьы иара атәы ҟанаҵоит, уи аҟынтә ари џьоушьо иҟам. Аха ирҳәоит, ажәытә иҟан ҳәа аламала аҿшәара ззымдыруаз, аӡнынӡагьы изычҳауаз аԥсуа лаҳа жәла. Иҭаамкәа инхоз, џьара қәа бааԥсык аԥырхагамхар, лаҳарҩаҵас иара уа амахә иӷьаӷьаӡа иааҿахон. Нас уаҳа аламкәа, ҵыскгьы иазымфакәа, зынӡа ихьахьхьала ианыҟалалак, аԥша иканаԥсагәышьон. Быӷькаԥсан ахнагон уеизгьы, ма иацҭахон 🍂

Ари аҩыза алаҳа Чаҵә Чагә иашҭа иҭагылан, иахҳәаау ажәабжьгьы ыҟоуп (З. Быҭәба ишәҟәы аҟынтә):

Чаҵә Чагәи, Шьақариԥа Рашьыҭи, Абыхә Есыфи Чагә иашҭа иқәгылаз аԥсуа лаҳа ашәшьыра иҵатәан ажәабжьқәа рҳәон...
– Уара, ак уасҳәап, Чагә, – иҳәеит алафҳәаҩ Рашьыҭ, мыртаӷа дахьтәаз.
– Ыы?
– Уааи ҳаисап!
– Иззы?
– Абыржәы абра ҳахьтәоу ажәак ала абри алаҳа сықәуцалозар, иеиԥш зыхшыҩ ҵару дыҟам ҳәа срылалоит, аҩныҟа уганы ақыжә узысшьуеит.
– Уансзықәымцала?
– Санузықәымцала, уара иаҳзушьуеит. Уақәшаҳаҭума?
– Сақәшаҳаҭуп! – иҳәеит Чагә, маҷк даахәыцын.
– Есыфгьы дшаҳаҭуп! – даагәырӷьеит Рашьыҭ, Чагә иқыжә сфап ҳәа. – Аҳы, сықәцал, иулшо збап!..
Чагә абри аамҭаз дҩаҵҟьан, ааигәа зхы ықәҵан итәаны ицәоушәа-ицәамшәа ирзыԥшуаз илацәгьа ду инацәа Рашьыҭ иқәырххан дарбауа, ишилшоз "Да-мшә!" ҳәа ҩыҭирҟьеит.

Абгақәа дызлареишәарыцоз алацәгьа ҟаимаҭ, цәамхьарагьы агымзар акәхарын, аԥшәма ас даныҳәҳәа, иҩаҵууан Рашьыҭ иҩаижәлеит. Рашьыҭгьы, ауаҩы дшәар абыҩҷыда илалоит рҳәоит, дахьтәаз дакӡамызшәа дҩаҵҟьан, аҟәардә ишьапы ықәрс дууаӡа дыԥан ихаҟны иҟаз амахә дҩахьынҳалт. Ишьапқәагьы дҩарыхан наҟ амахә хыхь ианаҿаиршә, дкәалкәало даакынхалт. Дамшәгьы аԥхьатәи ашьапқәа аҟәардә инықәнаргылан, икнаҳаз икалҭ иацрасырц аҩаԥамҭаз:
"Иазхоуп!" – длақәҵәҟьеит Чагә. Алагьы аахынҳәит.
– Уаа, нар улбааит, Рашьыҭ!.. – иҳәан ,Чагә икьатеиах ԥҵәо Рашьыҭ днаизыԥшит. – Афырхаҵа, Дамшә! Аҵла иқәуцалаз Рашьыҭ ӷьеҩ иқыжә аԥылгыды уара иутәуп!


📸 Асахьақәа иахьатәиқәоуп

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • ❤ 8
  • 👍 3
  • ❤‍🔥 2
More from @apsua_sputnik
  1. Oct 11, 2026Иштәоу иԥсылахо аҟаб, апатырқал-ԥшшәы змоу, уаа-шәҩык зҭачаша ар рычуан ду иаҟароу, џьгьар…
  2. Oct 11, 2026Иахьа зегь ҳаблақәа хоуп Лыхнашҭахь — абарақьаҭреи, аԥшӡареи, аԥсуареи рныҳәа ахьымҩаԥысуа…
  3. Oct 2, 2026🤩 ГАГРА ҭагалантәи ашәахәа хаа ақәыҷҷа Ацәқәырԥақәа укалҭ иахьысуа, Иҿыпуеит иччо. Ихьшәа…
  4. Sep 30, 2026Иахьа иҳамоу аиааира аԥсыцқьақәа рацәаны ишахҭынҵоу ҳхаҳмышҭуазароуп ҳәа лҳәеит Аԥсны Аџьы…
  5. Sep 30, 2026Ԥсра зқәым архәҭа Аиааира 33 шықәса ахыҵра аҽны, цәыббра 30, 2026 шықәса Аиааира иациуеит…
  6. Sep 30, 2026Иахьа аашазар ақәа леиуеит Аԥсны, аха ицқьоуп ҳара ҳажәҩан. 33 шықәса Аиааира абираҟ ахагы…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →