Аԥарч иалху — акьанџьақәа.
Валентина Гарцкьиеи Ҭамара Канџьариеи рнапала иҟарҵаз акьанџьақәа акыршықәса раԥхьа Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи ҳамҭас иарҭеит.
"Аџьабаа ду зцу усуп— акьанџьаҟаҵара. Абарҭ аҟазацәа ахәыҷқәа напыла ахәмаргақәа рыҟаҵашьа ддырҵалар рҭахын", — лҳәеит амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
🖇 Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иазку Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи аартын 1994 шықәсазы. Иахьа Гәдоуҭатәи амузеи азалқәа 8 рыла ишьақәгылоуп.
#social
Post #21438
38