TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 591 subscribers
Post #21119 31
Аԥсны Асоциалтә еиқәыршәара аминистрра ацифраркра урыстәылатәии аԥсуа ганни рнапы зҵарыҩуа амҩатә хсаалахь еиқәыршәахоит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.

Ари аӡбамҭа рыдыркылеит Урыстәыла аџьеи асоциалтә хьчареи рминистрраҿы имҩаԥысыз аилацәажәараҿы, уи рхы алаирхәит ареспублика асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Кама Аӡынбеи Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови.

Апроект анагӡара иалнаршоит асоциалтә маҵзурақәа зауа иаку рдыррақәа рбаза аԥҵара, ашәарақәа рхыԥхьаӡалара аамҭа аркьаҿра, иара убас аелектронтә формат ала арзаҳалқәа рынашьҭра иабзоураны ауааԥсыра рзы амаҵзурақәа рнеира аизырҳара.

Аӡынбеи аусбарҭа аусзуҩцәа хадақәеи ааԥхьара рырҭеит ари аусхк аҟны урыстәылатәи аԥышәа аҭҵааразы регионқәак ирҭаарц.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 1, 2026Уарча ақыҭан афымцалашара аиԥҟьарақәа афымцацәаҳәа аԥхасҭахара иахҟьеит ҳәа Sputnik иазеиҭ…
  2. Oct 1, 2026Abkhazia Rally аҿы аиԥхныҩларақәа 402 метра рыбжьоуп. Адрег-реисинг азы аицлабрақәа мҩаԥга…
  3. Oct 1, 2026Башкортосҭан Аҟәа аԥшаҳәа ариаҵәаратә хәҭаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хнаркәшеит. Башк…
  4. Oct 1, 2026Едгар Абыхәба 12 шықәса рҟынӡа аҭакра иқәшәар алшоит аԥсшьаҩы лышьразы ҳәа иҳәеит Апрокура…
  5. Oct 1, 2026Хганктәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргеит Аԥсны, Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла рыдәныҟатәи аусқәа рм…
  6. Oct 1, 2026Бадра Гәынбеи Аахыҵ Уаԥстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Владимир Пухаеви еиԥылеит…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →