TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 589 subscribers
Post #21046 36
Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы 2027 шықәсазы амзаҵлақәа рааӡарҭа аадыртраны иҟоуп.

Аҵиаақәа рыжәлақәа аадрыхуеит адәаҿы иқәыргылоу аконтеинер ҷыдақәа рҿы, избанзар арҭ аҵлақәа амра бзиа ирбоит ҳәа еиҭалҳәеит аҳәырԥсарра аиҳабы Сабина Лобода.

"Уаанӡа аҳәырԥсарра аусзуҩцәа абнатә культурақәа рааӡара рнапы рылакын – иҭацәыз аҭыԥқәа рхарҭәаареи абна аиҭашьақәыргылареи рзы, аха ари аус мҩаԥырымгеижьҭеи акрааҵуан. Уи ҳхыбра ааигәара иаарту адгьылҭыԥ аҿы еиҭахацҳаркыр ҳҭахуп", — лҳәеит Лобода.

Аҵакыра ахкаареи, анхамҩатә хәҭа аргылареи, ашьҭыхга кран ахархәарала аҵлақәа рҟынтәи амзарҟәылқәа реизгареи иааиуа ашықәс азы абиуџьет аҟынтәи иарбоуп — 1,5 млн мааҭ рҟынӡа.

Ргәы иҭоуп 5000 рҟынӡа жәла реиҭаҳара. Хышықәса анырхыҵлак аҵла ҿақәа аҳәырԥсарра еиуеиԥшым ахәҭақәа рҿы иҟоу абнацәаҳәақәа рҿы еиҭарҳауеит. Лобода лажәақәа рыла, аԥышәаратә вариант аҳасаб ала, лара лусуратә уадаҿы аҟәџьалқәа рҿы амзаҵла ажәла аалрыхуеит.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Sep 29, 2026Аиааира амшныҳәа аламҭалаз ашколхәыҷқәа злахәу атеатралтә-кәашаратә флешмоб "Ԥсыуала" мҩаԥ…
  2. Sep 29, 2026Путин ахатәхаҿқәа ЕАЕС атәылақәа, Азербаиџьан, Таџьикисҭан, Узбекиcҭан рахь 1 млн мааҭ ина…
  3. Sep 29, 2026Урыстәылатәи ар рхы иақәиҭыртәит Харьковтәи аобласт Креидианка аиланхарҭа, иара убас ақала…
  4. Sep 29, 20262026 шықәса лаҵарамза инаркны нанҳәамзанӡа урыстәылатәи аҳаиреилахәырақәа Аԥсныҟа ииаргеит…
  5. Sep 29, 2026Атуризм аминистрра иарбанызаалак ацхыраара рырҭоит Аԥсны ишьыз Амина Бикбова лҭаацәа. Абри…
  6. Sep 29, 2026Аҟәеи Нижни Новгороди амуниципалбжьаратә усеицура аҿиаразы амҩатә хсаала ҿыц рнапы аҵарҩит…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →