"Иаку асоциалтә шәахтә азы" азакәанпроект актәи аԥхьарала ирыдыркылеит.
Иара азырхоуп атәылауаа рсоциалтә хьчаразы ашәарақәа рҭышәныртәалара, атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡақәеи ршәара, амедицинатә цхыраара рыҭара аусхк аҟны аус зуа азакәанԥҵара аиӷьтәра.
"Азакәанпроект ишазԥхьагәанаҭо ала, иахьа иҟоу шәатәы хкқәак иаку шәатәыла ишәахалоит. Аус зуа азакәанԥҵара ишьақәнаргылаз анорматив инақәыршәаны урҭ автоматтә режим ала абиуџьеттә фондқәа ирзыршалоит", - ҳәа азгәеиҭеит Жәлар Реизараҿы ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба.
Азакәан иаку асоциалтә лагала администраторс Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра алнакаауеит. Иара убасгьы иаԥнахуеит уажәы Аԥсны атәылауаа руалафахәқәа рҟынтәи иршәо 1% инаӡо ахыхтәқәа.
Шамба иҳәеит ахыхтәқәа рӷьырак аусураҭаҩцәа рхаҭақәа ишыршәо.
Акоммерциатә структурақәа рзы урҭ 20% ыҟоуп, абиуџьеттә усхк аҿы — 14,5%. Абиуџьет аусзуҩцәа ршәара 2% ишьҭыхзарц ажәалагала ҟаҵоуп, ари иаԥыху 1% ахарҭәааразы ҳәа ациҵеит Шамба.
Post #20969
31