Аԥсны Апарламент атәыла Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа руалафахәқәеи ртәанчахәқәеи рышьҭыхразы Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аҿҳәара иацнаҵеит.
Аԥкаанҵа аиқәшаҳаҭра аусура иацнаҵоит 2028 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа.
Аԥаразоужьра ахыҵхырҭақәа – 2026 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьети Урыстәыла афинанстә цхыраареи.
🖇 Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара маҵзура аусзуҩцәа аԥаратә хшәаарақәеи ртәанчахәқәеи реизырҳаразы Урыстәылатәи Афедерациа ахарџь ала аицфинансыркра аԥҟареи аҭагылазаашьеи рзы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын рашәарамза 2, 2021 шықәса рзы.
Post #20965
20