Аҟәа ахақәиҭтәра Амш аҳаҭыраз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа еиҿкаахоит амҽыша, цәыббра 27 рзы.
Уи хацыркхоит Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала.
Апрограмма иалалоит аԥынгылақәа зцу аиԥхныҩлара "Аԥсны амч", арра-патриоттә акциа "Аиааира аҭынха". Аҳәынҭфилармониаҿы ахәаԥшцәа ирзыԥшуп ақәыргыламҭа "Иԥшыз ақалақь".
Амш иалагӡаны имҩаԥгахоит ашахматтә турнири амҵәышәмпыл афестивальи, иара убас ашьапылампыл маҷ азы амати, ихәмаруеит Мрагыларатәии Мраҭашәаратәии афронтқәа рветеранцәа.
🖇️ Цәыббрамза 27, 1993 шықәса рзы Аԥсны аҳҭнықалақь ақырҭуа мпыҵахалара аҟынтәи ахы иақәиҭтәын. Хымш рышьҭахь, цәыббрамза 30 рзы аԥсуа ар Егры аӡиас аҿы аҳәынҭқарратә ҳәаахь ицәырҵит, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира ргеит.
#social
Post #20989
39


- ❤ 1