Бадра Гәынбеи Башкортосҭан ахада Ради Хабирови еиԥылеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра ахада Урыстәылатәи арегион анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҟәа аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара апроект анагӡараҿы иҟарҵаз ацхырааразы, иазгәеиҭеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҵауларазы атранспорттә еинырра аҵак ду шамоу.
Уи адагьы, ахәаахәҭра-економикатә усеицура адинамика бзиа атәы рҳәеит. Гәынба иажәақәа рыла, 2025 шықәсатәи аихшьаалақәа инарықәыршәаны, Аԥсни Башкортосҭани рыбжьара атауареикәыршара 15% рыла еиҳахеит.
"Аԥсни Башкортосҭани реизыҟазаашьа иахьатәи рыҩаӡара зеиԥш ҟамлац акакәны ахәшьара асҭоит. Иахьа шамахамзар аусхкқәа зегьы рҿы аизыҟазаашьақәа шьақәҳаргылоит, " — иҳәеит Гәынба.
Аиԥылараан аҳәынҭқарра ахада Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш — цәыббра 30 аҽны Хабиров Аԥсны даҭаарц ааԥхьара ииҭеит.
🖇 Бадра Гәынба усутә ныҟәарыла Башкортосҭанҟа амҩа дықәлеит ашәахьа, цәыббра 7 рзы.
Post #20453
31