TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 591 subscribers
Post #18686 37
Башкортосҭан иазынархоу аҳаҭыртә ҭыӡҩылара аадыртит Аҟәа аԥшаҳәаҿы.

Урыстәылатәи арегион абзоурала еиҭашьақәыргылаз аԥшаҳәа анеиааирҭа ҭыԥ ахәҭа гәырӷьарала иаадыртит иахьа. Аатра иалахәын атәыла ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Ҭаҭарсҭани Башкортосҭани рхаҭарнакцәа.

Маи 9 рзы еиҭашьақәыргыланы иаадыртыз Идырым асолдаҭ ибаҟеи урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рбаҟеи рымҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.

🖇 Апроект азеиԥш ахәԥса — 2,5 млдр мааҭ. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган Ҭаҭарсҭан, Башкортосҭан, Нижни Новгород, Краснодартәи атәылаҿацә, аҟәатәи аҳаирбаӷәаза, аурыс-аԥсуа наплакыҩцәа рыцхыраара иабзоураны.

Аҳаш ацынхәрас аиҭашьақәыргылараан ахархәара рыҭан еиҳа анҵыра змоу агранити амармалташьи, иԥсахын анџьныртә цәаҳәақәа, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рыцхыраарала еиқәдырхеит архитектуратә елементқәа.
  • 👍 1
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 6, 2026Гагра ахақәиҭтәра амш аҳаҭыраз Аиааира ашҭаҿы асцена ҿыц аҟны аконцерт мҩаԥган, абри атәы…
  2. Oct 6, 2026Аԥснытәи агимнасткацәа Сҭампыл имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнир аҿы аԥхьахәқәа ргеит. Аиц…
  3. Oct 6, 2026Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала иҭадырхеит аибашьыгатә хәҭа змо…
  4. Oct 6, 2026Бадра Гәынба КВН акоманда "Аԥснытәи Нарҭаа" алахәылацәеи иареи инагӡоу апроектқәеи, рыгәҭа…
  5. Oct 6, 2026Аицлабра "Аԥсны акоманда" қәҿиарала иахьынагӡаз иабзоураны — Аахыҵ Уаԥстәыла аиԥш зеиԥшу а…
  6. Oct 6, 2026Амузыкант Реваз Нарманиа иҵаҩцәа зегьы ҳзы акультуратә аб иакәын, иареи ҳареи аҳәаа ҳабжьа…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →