"Бедиа" аԥсышәоума?
Ажәытәан Самырзаҟан, иахьа Тҟәарчал араион иаҵанакуа аԥсуа қыҭақәа Бедиа//Бедиа ду, Агәыбедиа рыхьӡ ахьынтәаауа даара аинтерес аҵоуп. "Бедиа" аҩыратә хыҵхырҭақәа рҿы иаҳԥылоит XI ашә. инаркны. Асовет аамҭазы ақыҭа ҩбаны иршеит.
Азҵаара аганахьала аҵарауаа еиуеиԥшым агәаанагарақәа рҳәахьеит. Валери Кәарҷиа ишиҩуа ала, IV ашә. ҳера ҟалаанӡа арҭ аҭыԥқәа ирхыз аҳ Кәыџ "Егры Бзиа" (прекрасная Эгры) ҳәа ззиҳәаз адгьыл, ақырҭқәа Бедиа ҳәа еицаркыр ҟалон, аха уи зхиҳәааз Егриси аҵакырадгьыл акәхон. Аԥсуа аҳра ахаан ишьақәгылаз Бедиа ақыҭа ахьӡ акәзар, акыр ихьшәаны аџьам бызшәаҟынтә иаланагалазар ауеит "банд", "бенд" (крепость) аҟынтә, акыс уа Нарџьхьоу абаагьы гылоуп. Денис Чачхалиа ишиԥхьаӡо ала, Бедиа – алатын ажәа "бадиа" (монастырь, аббатство) иахылҿиааит.
Аҩ-версиак аҵаҵӷәы рымоуп, иҵабыргызар ауеит. Абри аганахьала аинтерес ҳазцәырнагеит афольклортә хыҵхырҭа: Чаҵә Чагә изку аҳәамҭақәа рҿы Агәыбедиа ажәытә хьыӡқәа ҳәа иарбоуп – Агәабаадәы // Агәабаады.
Издыруада, Баа ду, ма Баа дәы ҳәа иашьҭалазҭгьы ари ақыҭа, Баграт II иаҳҭынра аниргыла ашьҭахь? Абаа ажәа крепость, цитадель, дворец, храм уҳәа аҵакы рацәа шьҭнахуеит аԥсшәаҿы. Баадәы➡️Бедиа ҳәа ишьҭыркаар ауан атәым милаҭқәа. Ус ҳҳәеит ҳәагьы, атәым ажәа ҳара иҳараԥсышәазаргьы ауан.
Асахьа аагоуп 1912 ш. иҭыҵыз Бедиатәи аныхабаа иазку Ольга Ермолаева лышәҟәы аҟынтә.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #404
387

- 👍 13