TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.25K subscribers
Post #227 368
Атопонимика🔎

Нарџьхьоу – иагьшьхоуп, иагьбаауп
(ашьха ақәцәан игылоуп).

Иагьбаша-маша баам, Аԥсны иахьаҵанакуа иреиҳаӡоу акоуп, ҵакырадгьылла Бедиа ақыҭа иатәуп. Аамҭала абжьыуаа, нас самырзаҟанаа раҳцәа тәарҭас ирыман, иара уа 1812 шықәсазы дшьын Самырзаҟан зхьыԥшыз Чач Манучар. Абаа иацәыхарамкәа ақьырсиан ныха ашьҭамҭа убоит.

Абызшәадырҩы, апрофессор Валери Кәарҷиа ишиҩуа ала, "Нарџьхьоу" – аԥсышәоуп, "Нарҭаа рџых" ҳәа ицәажәозар ауеит (крепыш/крепость Нартов), агыршәала "џьиха" абаа шаанагогьы. Иааигоит убас, Нарџьхьоу абаа амрагыларахьала, Чхәарҭал ақыҭан иҟоу Џьыхә абаа, мамзаргьы Ахра Џьыхә, аладахьала – ақыҭа Санарда/Санарҭа ("Нарҭаа рҭыԥ"), Самырзаҟан – "Мырзаҟан иҭыԥ" шаҳәо еиԥш.

Насгьы, ажәа анҵәамҭа аиҿкаашьа аԥсышәоуп, ус иаҳԥыло аҭыԥхьыӡқәеи ахатәы хьыӡқәеи рацәоуп: Гәдоу, Аргәысҭоу, Џьанҭоу, Ҷлоу, Набжьоу, Нарҭоу, Лоу, Баалоу, Баароу, Ҟансоу, Кьыркьоу, Зоу, Соу, Тоу, Ешсоу, Алоу, Нарчоу, Ерысҭоу уҳәа.

Ахыҵхырҭа: В. Е. Кәарҷиа. Аусумҭақәа реизга быжь томкны, IV атом. Аҟәа, 2019, ад. 217.

Нарџьхьоу аԥсышәа цқьоу, аԥсышәа-гыршәоу аҵабыргҵәҟьа ҳазҳәода, аха идыруп агибрид хьыӡқәа аԥсшәа ишатәышьҭрам (ҩ-бызшәак рышьаҭала атопоним ашьақәгылара).

Амҳаџьыррақәа ҟалаанӡа Самырзаҟан аԥсшәа анықәмыҩуаз ҳәа ыҟамызт. Уи ҳгәылацәагьы иазгәарҭон. Убас, ақырҭуа ҵарауаҩ А. Цагарели XIX ашәышықәса анҵәамҭазы иҩуан: "Уажә аабыкьанӡа Самырзаҟан ауразоуроу ԥсышәан ҭауади-аамсҭеи бызшәас ирҿаз, иаҵаҽырбо ирҳәозгьы" ҳәа. Даҽаџьара, "аҳәсеи ирыхшаз рхәыҷқәеи гыршәала ицәажәоит, ахацәа – ԥсышәа мацароуп ирҳәо" ҳәа ациҵон.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 11
  • ❤ 2
More from @apsua_sputnik
  1. Oct 2, 2026🤩 ГАГРА ҭагалантәи ашәахәа хаа ақәыҷҷа Ацәқәырԥақәа укалҭ иахьысуа, Иҿыпуеит иччо. Ихьшәа…
  2. Sep 30, 2026Иахьа иҳамоу аиааира аԥсыцқьақәа рацәаны ишахҭынҵоу ҳхаҳмышҭуазароуп ҳәа лҳәеит Аԥсны Аџьы…
  3. Sep 30, 2026Ԥсра зқәым архәҭа Аиааира 33 шықәса ахыҵра аҽны, цәыббра 30, 2026 шықәса Аиааира иациуеит…
  4. Sep 30, 2026Иахьа аашазар ақәа леиуеит Аԥсны, аха ицқьоуп ҳара ҳажәҩан. 33 шықәса Аиааира абираҟ ахагы…
  5. Sep 29, 2026Амалабаша аџьабаа збо, излымҵуа аус иаҿу, башаӡа зыҽзырааԥсо изы ишԥарҳәо аԥсуаа: Аԥсшәа-p…
  6. Sep 29, 2026АЏЬАБАА БАША (иҟалахьоу ажәабжь) Ари ажәабжь саҳаижьҭеи акыр ҵуеит. Усҟан сыҷкәынаӡан. Ҳаи…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →