TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.24K subscribers
Post #34 701
Уаниуаз иааугаз, унарцәахь иугоит,
иуциз акрыҟазар, адунеи иазынхоит.

(Ажәаԥҟа)

Сынтәа, Аԥсны ахақәиҭра 30 шықәса анахыҵуа, лыӡбахә мҳәакәа ҳзавсуам ҳиааира агимн ажәақәа зҩыз апоет Лиолиа Тәанԥҳа. Иахьа лара даниз амш ауп.

"Мамзышьха, Мамзышьха – ҳбаагәара ҳдоуҳа
Дықәаҳҵеит дԥыххаа уа уҵаҟа аӷа!
Аиааира, аиааира! Ишьҭышәх ҳа ҳбираҟ!
Аԥсны ԥшӡа ахақәиҭра шәазықәԥа наҟ-ааҟ!..
"

Аибашьра иалиааз абри ажәеинраала ҿаца иацназгоз амузыка аԥиҵеит акомпозитор Кәасҭа Ченгьелиа, анаҩс иҩыза Тото Аџьапуеи иареи еицырҳәон. "Аиааира! Аиааира!" гон аҭабиақәа рҿы, ҳаҷкәынцәа ԥсшьарак роуны иахьаатәоз адәаҿы, ажәларгьы иаразнакала ишьҭырхит.

Аибашьраҿы дҭахеит Лиолиа лашьа заҵә, Аԥсны Афырхаҵа Завер Тәанба. Лхаҭагьы зынӡа ақәра лызнамгеит. Аха инхеит лхәыцра, лцәаҩа, лгәыбылра зцу ажәеинраала ҟаимаҭқәа. Лыԥсы ҭаӡам, аха дымԥсӡеит.

Апоетесса лырҿиареи ллахьынҵеи ртәы еиҳа инарҭбааны ирҳәахьан абра.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 15
  • ❤ 5
  • 🙏 2
More from @apsua_sputnik
  1. Sep 30, 2026Иахьа иҳамоу аиааира аԥсыцқьақәа рацәаны ишахҭынҵоу ҳхаҳмышҭуазароуп ҳәа лҳәеит Аԥсны Аџьы…
  2. Sep 30, 2026Ԥсра зқәым архәҭа Аиааира 33 шықәса ахыҵра аҽны, цәыббра 30, 2026 шықәса Аиааира иациуеит…
  3. Sep 30, 2026Иахьа аашазар ақәа леиуеит Аԥсны, аха ицқьоуп ҳара ҳажәҩан. 33 шықәса Аиааира абираҟ ахагы…
  4. Sep 29, 2026Амалабаша аџьабаа збо, излымҵуа аус иаҿу, башаӡа зыҽзырааԥсо изы ишԥарҳәо аԥсуаа: Аԥсшәа-p…
  5. Sep 29, 2026АЏЬАБАА БАША (иҟалахьоу ажәабжь) Ари ажәабжь саҳаижьҭеи акыр ҵуеит. Усҟан сыҷкәынаӡан. Ҳаи…
  6. Sep 27, 2026Хьымза ҳәа аӡӷаб хьӡы зхәыцыз ҳабацәа абас иҟоу аԥшӡара рыбла хнакуазар акәхарын. Иахатәи…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →