Аԥсны Афырхаҵа Олег Кәыпраа-Аџьапуа иахьа 55 шықәса ихыҵрын.
Тамшьаа рҵеи хьӡырҳәага аӷа дыцхлымуа Аҟәа даналала, Ацҳа ҟаԥшь аҿы иааиҿаххыз дреиуоуп.
Аԥсуаа Гәымсҭа аарцә ҳангыла, акырынтә ԥшыхәра дцахьан. 1992 шықәса нанҳәа 31 рзы ақырҭқәа танкла ианжәыла раанкылара далахәын. Гагра ахақәиҭтәра, Марттәи ажәылара уҳәа Аԥсны ар имҩаԥыргоз акрызҵазкуаз операциақәа зегьы рҟны ихы ааирԥшхьан.
1993 шықәса рашәарамзазы абаталион "Горец" адҵаҟаҵаҩс дҟалеит.
Ԥхынгәымза 4 рзы Ҳабҩықә аҳаракыра агара зҽазызшәоз ҳаибашьцәа рыцхырааразы идәықәҵаз "Горец" адесант аӷа ихы иаҿашәоит. Ари аҭагылазаашьаҿы амчқәа еиҟарамызт, еибганы амца изалҵыз 17-ҩык заҵәык роуп, иҭахаз, хабарда ибжьаӡыз – 29-ҩык. Иҟоу збаз Олег хьаҳәа-хьачарак ҟамҵа аӷа дигәыдлеит, ибаталион ахәцәа ралгара алшарц амца иҟьон, ихаҭа дызгаша ахы иқәшәаанӡа.
Афырхаҵа дзааӡаз иаб Тото Аџьапуеи иан Лиудмила Кәыпрааԥҳаи – Аԥсны еицырдыруа артистцәа – аибашьра анцоз гәдоуҭатәи ансамбль "Аиааира" иалан. Гәымсҭатәи афронт апозициақәа зегьы рҿы инеихьан, ҳаҷкәынцәа ргәышьҭыхразы апатриот ашәақәа рҳәон.
Ашәҟәыҩҩы Лев Лиубченко арҭ рҭаацәа угәы ҭызшьаауа ажәеинраала рзикит, "Сҵәыуаӡом, сшәаҳәоит…" ҳәа хьӡыс иамоуп.
Ахыҵхырҭа: Аԥсны акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар. Аҟәа, 2022
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #26
697

- 😢 12
- 🙏 4