TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.25K subscribers
Post #1856 586
Иахьа Дырмит Гәлиа иҩны-музеи аҟны имҩаԥгахоит ашәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ Денис Чачхалиа ирҿиаратә хәылԥазы. Шаҟа ибзиоузеи убра иахьымҩаԥысуа!

Ашәҟәҩыратә баҩхатәра ԥымҵәаӡакәа абиԥарала иҿио ианаауа аҿырԥштәқәа уԥылоит адунеитә литератураҿы, аха абгьы аԥагьы инеибеиԥшны еицырдыруа ианыҟало рацәаӡам. Аԥсуа литература аагозар, ари аганахьала ицәырнагаша моу, гәадурала изхыҽхәаша ахьӡқәа амоуп! Убас, Дырмит Гәлиеи Гьаргь Гәлиеи раамышьҭахь иаразнакала ухаҿы иааиуа дреиуоуп иалкаау аԥсуа поет Кьыршьал Чачхалиа иҭаацәараҿы ииз-иааӡаз аҵеи Денис Чачхалиа.

Иара дышқәыԥшызнатә алитература ауси аҭҵаара ауси еицибон. Адунеи аԥшь-ганк рыла аԥсуаа рыӡбахә зҳәо ахьыҟоу ԥшааны, ашәҟәы ианҵаны, хәы змаӡам архив еидикылеит. Абжьарашәышықәсазтәи аԥсуа архитектуразы аспециалист. Ҳашьха калҭқәа ирыҵганы, ана-ара ахәы ҳаракырақәа ирықәгылоу абаа хыҽҽарақәа дрызцахьеит, гәыла, напыла аҭыӡқәа еиԥхьышьшьааны, ишәа-иза, ианеибгазтәи рхаҿра шьақәиргылеит. Убас, аԥсуа ныхабаақәа реиҿкаашьа, рыргылашьа нҭырҳәцааны иҭиҵааит, Аԥсны аҳра аҳәаақәеи ахыԥшеи ахьынӡанаӡоз арбауа.

Здырреи збаҩхатәреи хышхыҵәо еснагь иибо рацәоуп, еидихәыцло рацәоуп. Денис Чачхалиа иҭҵаарадырратә усумҭақәа рҿы уаҩ дызкьымсцыз атемақәа кыр шьҭихит, уажәи-уажәи ҿыцк ааиртуеит. Имааԥсаӡо ирҿиаратә гәи иҭҵааратә ԥыхьашәеи ирылҵшәахеит Кавказ зеиԥш амбацыз аҭоурыхтә драма "Алыбеи" аира, нас ақәыргылара.

Асахьаркыратә литература амаҵ азиуеит 1970 шықәса раахыс. Илирика ссирӡоуп, апоезиа аиҭагараҿы цлабҩы димам, апрозаҿгьы ааԥсара дуқәа ҟаиҵахьеит. "Ацынҵәарах" анҭыҵ, цәаҳәанҵала аурысшәахь еиҭеигеит, асахьаркыра иаҵоу зегь азныжьны. Ароман аҩ-бызшәак рыла иаԥхьахьоу уеизгьы ирдыруеит, шаҟа аԥсуа цәа аҟәынны инхаз, аныррагьы шыҟанаҵаз. Аурысшәа аҟынтә ауп егьырҭ абызшәақәа ишыргаз.

Денис Чачхалиа иаамысҭашәашьа, ихәыцшьала аԥсуаа дуқәа ҳәа ззырҳәо рабиԥара датәышьҭроуп, ажәытә-аҿатә цҳас ирыбжьоу, адоуҳа ныҟәызго, изцымҩахыҵуа. Ас иҟоу ауаа ирыхӡыӡаатәуп, ҳаамҭанӡа иззаагаз амилаҭқәа маҷуп, анҭыҵынтә хықәкыла аристократиеи аинтеллигенциеи анырхуан аҟынтә.

Апоет, ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ, ауаажәларратә усзуҩ Денис Чачхалиа сынтәа 75 шықәса рышәхымс дхыҵит. Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Аԥсны аҩнуҵҟа еиԥш адиаспораҿгьы ажәлар ргәамч зырӷәӷәо, ишьаҭамырӡгоу аусқәа жәпакы рхыҵхырҭаҿы дгылоуп. Игәы ҭбаауп, аидеиақәа ишоит, изылшара рнапы ианиҵоит, ахьӡ аларгар деигәырӷьоит. Иҭарчеи имаздо рацәаҩхааит! Агәабзиара иманы шәышықәса Анцәа днеишьҭааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • ❤ 15
  • 👍 6
  • 🔥 3
  • 🙏 1
More from @apsua_sputnik
  1. Oct 16, 2026Зықәра иахьшәаз апоет, афырхаҵа Александр Бардодым иԥсы ҭаны иахьанӡа дааӡазҭгьы, 60 шықәс…
  2. Oct 15, 2026Аԥсуа поет, ажурналист, аиҭагаҩ Сарион Ҭаркьыл диижьҭеи 90 шықәса ҵуеит иахьа (1936 - 2005…
  3. Oct 15, 2026Уажәы "Бзыԥ" ҳәа еицырдыруа агазеҭ раԥхьатәи аҭыжьымҭа кьыԥхьын жьҭаара 15, 1931 шықәсазы.…
  4. Oct 14, 2026Аԥҳәызба лыԥшӡара иахҳәаау афразеологизмқәа: 🔸 Мрада дкаԥхоит. 🔸 Мзада дкаҷҷоит. 🔸 Цәым…
  5. Oct 14, 2026АӠЫНҴӘА Амҵәышә халоит, илбаауеит, Саб ҳҵәагәаҩа иҭаауеит. Аҵәагәаҩа – аӡынҵәа Самҵагылоуп…
  6. Oct 11, 2026Иштәоу иԥсылахо аҟаб, апатырқал-ԥшшәы змоу, уаа-шәҩык зҭачаша ар рычуан ду иаҟароу, џьгьар…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →