Есенин Аԥсны даахьан, Нестор Лакобеи Самсон Ҷанбеи идыруан. 1925 шықәса жәабранмза аиҩшамҭазы Баҭымынтә ӷбала дшаауаз Аҟәа даанҿасит. Мышкы-ҩымш роуп дахьыҟаз, аха абри аамҭа иалагӡаны хә-куплетк иҟоу ажәеинраала иҩит. Апоет Виктор Стражев ишазгәеиҭоз ала, уи инапылаҩыра иџьыба иҭшәазаарын, Аҟәатәи абаа азааигәара икаршәны ирбеит.
Арахь иқәнагалоз зегь реиԥш, Есенин Аԥсны аԥсабара игәы иҭымҵәо инхеит. Џьанаҭ-дгьыл узыԥшаауа иҟазар, аброуп иҳәон. Иара даныҟаз аӡын агәҭа акәын, ԥхынразҭгьы ииҳәарыз апоет... Даара длахҿыхын, ицәажәара лафыркын ҳәа ргәалашәоит иԥылоз. Усҟан уаҩы ицәа иалашәозма мызқәак рышьҭахь ԥсы ихаӡамкәа "Англетер" асасааирҭаҿы дырбап ҳәа.
Есенин ирацәаны аԥсшәахь деиҭаргахьеит. Илирика анырра анаҭеит аԥсуа ҩыратә поезиа. Аиҭагаратә ҟзара аҳаракыраҿы иҟоуп, аԥсышәала иҩушәа иуныруа Денис Чачхалиа иеиҭеигаз иажәеинраала "Отговорила роща золотая". Ҳазҭоу ҭагалан иақәҿнаҭуеит, ашәабжь ахыҩуеит, иссируп:
* * *
Аккара цәажәеит бӷьырацәа бызшәала:
Иканаԥсеит ахьҩеижь, иканаԥса.
Ицоит жәҩангәыла аԥҟақәа хыхәхәала,
Ицоит, ицоит, ак хьаас иҟамҵа.
Ирыцҳаушьода? Ҳазынтәык ҳамҩасцәоуп –
Ҳныҩнысны ҳцоит иссиру аҩнаҭа.
Аӡыжь иахыкны амза ажәҩан авҵаҿ
Еицакрак зқәым ихьшәашәоуп алакҭа.
Иссиру каршәрак, дәеиужьк сықәхеит схала.
Сҿара сазхәыцуа сгылоуп, сгәырҩаӡом.
Хара инеиуеит аԥҟақәа хыхәхәала,
Хнырҳәышьа змам ишәыргьыжь сызҳәаӡом.
Инысхыз баша саамҭа гәырҩагам,
Ишәҭы-какаҷны иканӡаз сыԥсгьы.
Ҷандарк ԥхеи-ԥхеиуеит сқәаҵараҿ ҭагалан,
Аха уи амца дарԥхаӡом аӡәгьы.
Саргьы саҩызоуп быӷькаԥсантәи аҵла,
Лахҿыхрак зҿықәым сажәақәа нкаԥсо.
Ишәҭып еиҭах, ибыбышхап ақәаҵа.
Са соуп иԥсыҵәҟьоу, хьаҳәрада иԥсуа.
Урҭ сажәақәа абӷьыжә еиԥш зны еингалан,
Ус иацҟьар ԥшак, илеир шьамхахьы,
Ишәҳәа абас – аккараҿы ҭагалан
Ахьҩеижь иаҩызан иҵлақәа рыбӷьы.
Есенин Аԥсныҟа иаара иазку астатиа иҩит Вианор Ԥачлиа (1962), иара убас ашәҟәыҩҩы Гьаргь Гәыблиа ианиҵеит уи Аҟәа дышрыдыркылаз атәы зҳәо ажәлар ражәабжь (иагәылоуп аизга "Нестор", ад. 74 - 78).
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
