TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.25K subscribers
Post #2250 128
Аԥсуа поет, ажурналист, аиҭагаҩ Сарион Ҭаркьыл диижьҭеи 90 шықәса ҵуеит иахьа (1936 - 2005).

Зылаԥшҳәаа ҭбааз, абаҩхатәра злаз арҿиаҩы, адырреи, аламыси, ақьиареи змаз ауаҩы — абас ихцәажәоит ихааныз, ибзианы дыздыруаз ауаа.

Сарион Ҭаркьыл занааҭла дфилологын, Аҟәатәи арҵаҩратә институт далгеит, анаҩс — Москва, Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Аус иуан Аԥсны еицырдыруа агазеҭқәеи ажурналқәеи рредакциақәа рҿы, аамҭала "Алашара" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс дыҟан. Жәохә шықәса инарзынаԥшуа ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредактор хадара ныҟәигеит (1989 - 2004). Ари аҭыжьымҭа иџьабаа рацәаны иадиҵеит.

Уи аредакциаҿ даныҟамыз, есымша атипографиаҿ дҭагылан, иҭахын "Амцабз" ахәыҷқәа ианаамҭоу ироуларц, иаргәырӷьаларц. Аимадара бзиаӡа рыман Аԥсны ашколқәа зегьи иара иредакциеи. Уи ихьӡала ирацәаны асалам шәҟәқәа аарышьҭуан ахәыҷқәа. Убри азоуп иаргьы урҭ бзиа изибоз, дызрыхӡыӡаауаз, ахәыҷы иҿы дхәыҷын, ахәыҷы игәы иман, уи дицхәмарыргьы илшон. Иԥсра ҩымз шагыз Аԥсуа бызшәа аҿиара афонд иҭнажьит уи иԥсы злаз, ахәыҷқәа ирзикыз ашәҟәы "Ахҭыс шанақәа", — ҳаԥхьоит Анатоли Лагәлаа игәалашәарақәа рҿы.


Сарион Ҭаркьыл апоезиа аизга ссирқәа ааба дравторуп. Иаамҭа даҿахәҳәаҩын, уаҵәтәи амш лаша ухирԥшылон. Асахьаркыратә литература иԥсы алан, агьама бзиаӡагь иман. Ихатәы рҿиамҭақәа рнаҩс, аԥсшәахь еиҭеигеит Ахматова, Бальмонт, Хлебников, Клиуев уҳәа егьырҭ аурыс поетцәа ражәеинраалақәа. Иахьатәи аԥсуа литературатә бызшәа аихьӡарақәа иамоу ихәҭаа ду алоуп. Хашҭра иқәымзааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • ❤‍🔥 4
  • ❤ 4
  • 👍 3
  • 🔥 1
  • 🥰 1
More from @apsua_sputnik
  1. Oct 16, 2026Зықәра иахьшәаз апоет, афырхаҵа Александр Бардодым иԥсы ҭаны иахьанӡа дааӡазҭгьы, 60 шықәс…
  2. Oct 15, 2026Уажәы "Бзыԥ" ҳәа еицырдыруа агазеҭ раԥхьатәи аҭыжьымҭа кьыԥхьын жьҭаара 15, 1931 шықәсазы.…
  3. Oct 14, 2026Аԥҳәызба лыԥшӡара иахҳәаау афразеологизмқәа: 🔸 Мрада дкаԥхоит. 🔸 Мзада дкаҷҷоит. 🔸 Цәым…
  4. Oct 14, 2026АӠЫНҴӘА Амҵәышә халоит, илбаауеит, Саб ҳҵәагәаҩа иҭаауеит. Аҵәагәаҩа – аӡынҵәа Самҵагылоуп…
  5. Oct 11, 2026Иштәоу иԥсылахо аҟаб, апатырқал-ԥшшәы змоу, уаа-шәҩык зҭачаша ар рычуан ду иаҟароу, џьгьар…
  6. Oct 11, 2026Иахьа зегь ҳаблақәа хоуп Лыхнашҭахь — абарақьаҭреи, аԥшӡареи, аԥсуареи рныҳәа ахьымҩаԥысуа…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →