TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.25K subscribers
Post #2251 97
Зықәра иахьшәаз апоет, афырхаҵа Александр Бардодым иԥсы ҭаны иахьанӡа дааӡазҭгьы, 60 шықәса ихыҵуан абри аҽны.

Гәыла-ԥсыла аԥсуаа иҳашьаз, Аԥсны ахақәиҭразы зшьа каҭәаз агәымшәа. Диит-дааӡеит Москва, аинтеллигентцәа рҭаацәараҟны. Зҳәа-зуы уамшьуа хәыҷны изҳауан, дышқәыԥшӡаз ирҿиаратә баҩхатәра гәылԥхеит. Ашкол дышҭаз апоезиа ашаеҵәақәа дрылакны ихьӡ рҳәо иалагахьан. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт дҭалеит, аҵара иҵон аиҭагара аҟәшаҿы — аԥсуа гәыԥ, Денис Чачхалиа напхгара зиҭоз. Абраҟа аус ауит "культурное опыление" ҳәа изышьҭоу афеномен. Ҳабызшәа иҵеит, ҳмилаҭ цәаҩа игәаԥханы иҽагәылаихалеит арԥыс. Аԥсшәа аҟынтә аурысшәахь еиҭеигон ҳаклассикцәа ражәеинраалақәа (Б. Шьынқәба, М. Лашәриа, А. Аџьынџьал, Т. Аџьба уҳәа ртәқәа). Ҩызцәас иман Гиви Смыри Даур Занҭариеи реиԥш иҟаз, ажәытә-аҿатә аамҭақәа реиԥшьыҩцәас акультура иаҵагылаз, зхыԥшеи знырреи ӷәӷәаз ҳажәлар рхаҭарнакцәа аӡәырҩы.

Аԥсны аибашьра аналага, Москва игәы дзамыртәеит Александр. Раԥхьа илацәа ахьхитыз ара акәызшәа, хатәгәаԥхарала аконфедератцәа дрыцны, ашьха дхыҵны дааит Аԥсны. Убра, Ахьыхәдаарала дшылбаауаз иҩит ԥсра зқәым иажәеинраала "Над грозным городом раскаты...", иара данҭаха ашьҭахь хьыӡрашәас игаз.

Александр Бардодым деибашьуан Гәымсҭатәи афронт аҟны, уантә Гәдоуҭа акоррпункт ахь ажәабжьқәа ааишьҭуан, ажәеинраалақәа иҩуан. Ахаҳә зыршәҭуа ажәа зҿаз апоет, шәарак ззымдыӡоз еибашьҩыс ихы ааирԥшит, аӷа итыл дазцон агәыԥ дрыцны. Аибашьраантәи ифотосахьақәа рҿы ибла ихубаалоит ахаҵагәы шизҭаз, аиаша азықәԥаҩс ихы шиԥхьаӡоз. Аха иеибашьратә мҩа, иԥсҭазаареиԥш зынӡа икьаҿхагәышьеит, иԥсы даԥдырхеит ҳаӷацәа 1992 шықәса, цәыббрамзазы. Лахьышкәакәан иҩагылашаз, 25 шықәса роуп иниҵыз. Анышә дамадоуп ҳаԥшьаҭыԥқәа реимхәыц-қалақь Афон ҿыц агәаны, дзааӡаз иани иаби азыразны.

Иижәша аӡыхьқәа шаҟа рхы ыҵырххьоузеи уиижьҭеи, изқәаҭыԥ ахьыҟалаз ҳаԥсадгьыл ахы-аҵыхәа. Иара дыҟамзаргьы, ибжьы ҳацуп Саша, Аԥсны иҭыҵхьеит ишәҟәқәа ҩба: "След крыла" (1999), "Раскаленное время" (2011). Иажәеинраалақәа агәылалеит "Аурыс поезиа. ХХ ашәышықәса" захьӡу, иналукааша авторцәа еидызкыло антологиа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • ❤ 5
  • ❤‍🔥 4
  • 👍 1
  • 🙏 1
More from @apsua_sputnik
  1. Oct 15, 2026Аԥсуа поет, ажурналист, аиҭагаҩ Сарион Ҭаркьыл диижьҭеи 90 шықәса ҵуеит иахьа (1936 - 2005…
  2. Oct 15, 2026Уажәы "Бзыԥ" ҳәа еицырдыруа агазеҭ раԥхьатәи аҭыжьымҭа кьыԥхьын жьҭаара 15, 1931 шықәсазы.…
  3. Oct 14, 2026Аԥҳәызба лыԥшӡара иахҳәаау афразеологизмқәа: 🔸 Мрада дкаԥхоит. 🔸 Мзада дкаҷҷоит. 🔸 Цәым…
  4. Oct 14, 2026АӠЫНҴӘА Амҵәышә халоит, илбаауеит, Саб ҳҵәагәаҩа иҭаауеит. Аҵәагәаҩа – аӡынҵәа Самҵагылоуп…
  5. Oct 11, 2026Иштәоу иԥсылахо аҟаб, апатырқал-ԥшшәы змоу, уаа-шәҩык зҭачаша ар рычуан ду иаҟароу, џьгьар…
  6. Oct 11, 2026Иахьа зегь ҳаблақәа хоуп Лыхнашҭахь — абарақьаҭреи, аԥшӡареи, аԥсуареи рныҳәа ахьымҩаԥысуа…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →