TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.25K subscribers
Post #1803 611
📖 🔍 Ажәар аус адулара

• "Абаҳча" — иаланагалаз ажәоуп; ашәы́рҭра, ақәа́ҵа, аӡахәа́ҭра, араса́ҭра — аԥсышәоуп.

• "Астол" — иаланагалаз ажәоуп; а́ишәа, а́қәчага, аишәхьча́, ақәчага еишәа, ачарӷәы́ (пастушеский столик) — аԥсышәоуп.

• "Акасы" — иамаԥсаху ажәоуп; аҵакы́га, ахқәы́ршә, блата́қә (ашьх) — шьагәыҭ ажәақәоуп.

• "Арад" — иаланалагалаз ажәоуп; ара́а, аӷа́з // арӷаз, ацәаҳәа́ — аԥсышәоуп.

"Ара́а" аҟаҵарба "араа-ра" аҟынтә иаауеит, ҵакыс иамоуп "аԥҟара", "архра", "иԥҟа-ԥҟаны ашьҭаҵара". Излоу ажәаԥҟақәа:

🔸 "Аԥҟаҩы драаҩуп, аӡахҩы дҟазоуп" (Раскройщик вырежет и положит, а швея должна быть мастерицей).

🔸 "Аҭәархҩы бзиа ираала дудыруеит" — хорошего косильщика узнаешь по его косьбе (по аккуратным скошенным рядам).

Асахьаркыратә литератураҿы: "Ҳцаны, сын­тәа аԥхын саби сашьеи ирааны идырмазеиз [=иԥҟаны ишьҭарҵаз] амҿы ааҳгоит" (Платон Бабиа).

Шәаргьы шәҿырԥштәқәа ацышәҵа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Telegram Ахьыуардын Ажәа шьахә аԥсышәақәа ✂️ Ахсаа́ла (выкройка) 🗺 Ахсаа́ла (карта, чертеж) "Ахсаала(га)" ижәытәӡоу анапҟазара хкы – аӡахра иадҳәалоуп: аба зхыусаало/изықәԥуҟо аҿырԥшы. Абри ауп аханатә иаанагоз, ашьагәыҭ излаҳнарбо ала: асара́ (кроить). Нас егьырҭ иаадыруа…
  • 👍 8
  • ❤‍🔥 6
  • 👏 2
More from @apsua_sputnik
  1. Oct 16, 2026Зықәра иахьшәаз апоет, афырхаҵа Александр Бардодым иԥсы ҭаны иахьанӡа дааӡазҭгьы, 60 шықәс…
  2. Oct 15, 2026Аԥсуа поет, ажурналист, аиҭагаҩ Сарион Ҭаркьыл диижьҭеи 90 шықәса ҵуеит иахьа (1936 - 2005…
  3. Oct 15, 2026Уажәы "Бзыԥ" ҳәа еицырдыруа агазеҭ раԥхьатәи аҭыжьымҭа кьыԥхьын жьҭаара 15, 1931 шықәсазы.…
  4. Oct 14, 2026Аԥҳәызба лыԥшӡара иахҳәаау афразеологизмқәа: 🔸 Мрада дкаԥхоит. 🔸 Мзада дкаҷҷоит. 🔸 Цәым…
  5. Oct 14, 2026АӠЫНҴӘА Амҵәышә халоит, илбаауеит, Саб ҳҵәагәаҩа иҭаауеит. Аҵәагәаҩа – аӡынҵәа Самҵагылоуп…
  6. Oct 11, 2026Иштәоу иԥсылахо аҟаб, апатырқал-ԥшшәы змоу, уаа-шәҩык зҭачаша ар рычуан ду иаҟароу, џьгьар…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →