Ажәа шьахә аԥсышәақәа
✂️ Ахсаа́ла (выкройка)
🗺 Ахсаа́ла (карта, чертеж)
"Ахсаала(га)" ижәытәӡоу анапҟазара хкы – аӡахра иадҳәалоуп: аба зхыусаало/изықәԥуҟо аҿырԥшы. Абри ауп аханатә иаанагоз, ашьагәыҭ излаҳнарбо ала: асара́ (кроить). Нас егьырҭ иаадыруа аҵакқәагьы шьҭнахит, иманшәалоуп.
Амала ҳԥараҭра иҭоу, аулафахәы ма атәанчахәы зҭало азы ахархәара ҳзамышьцылацт, макьанагьы "акарта" ҳҳәоит. Издыруада, гәынхәҵысҭала ахсаала ишацәыхароу ҳныруазар? Шәара шәгәы ишԥаанаго, ари ажәа иазышьҭыхма изҵаҳҵаз аидара ҿыц?
🪡 🧵 Аӡахра ҭоурыхлагьы иахьа уажәраанӡагьы аԥҳәыс илымадырҽхәо, лнапы иадырша аҟазарақәа иреиуоуп. Изыԥсоуи ҳажәлар иаԥырҵаз абри аепитет мацара: "Аҵыс мҩас асахьа ҭылхуеит" (Такая мастерица, что снимет мерки с птицы на лету!)
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #916
531

- 👍 9