TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.25K subscribers
Post #1059 714
"Ажәа "ацынҵәарах" иажәа каҳаны, ицәаԥҽыганы, мамзаргьы уаҩы излеихыччо, дызларыцҳаршьо ажәаны иҟам. Жәларык, мамзаргьы абиԥарак рхаҵара ззынхаз, ирҟәырҷахоу, иаҳҳәап, ахра ду бганы еилаҳар, аԥҽыха дук ишазырҳәо еиԥшоуп ацынҵәарах ҳәа ауаҩы ишизырҳәо".

Баграт Шьынқәба
иажәақәа, 1977 шықәсзы Џьума Аҳәба ииҭаз аинтервиу аҟынтә

50 шықәса уажәаԥхьа ԥхынҷкәын мзазы ажурнал "Алашара" аҿы раԥхьаӡа акәны акьыԥхь або иалагеит ароман "Ацынҵәарах". Шықәсык ааҵуаны (1974) хаз шәҟәны иҭыҵит.

Ашәҟәыҩҩы аубых жәлар рлахьынҵа даргәаҭеиуан, ирызку ажәабжьк аҩра иҭахызижьҭеи акрааҵуан, иҽагьазикит 1960-тәи ашықәсқәа ралагамҭаз, Шәача ԥсшьара даныҟаз амшқәа рзы. Аҭоурыхтә материалқәа, архивқәа, ахсаалақәа ҭҵаауа иҿанынеиха, мчыбжьык-мызкы иалагӡаны иҩып ҳәа игәы иззаанагоз ажәабжь х-шәҟәык рыла еибыҭоу романхеит, жәашықәса егьаарыгымхо дадхалеит.

Урысшәала ианҭыҵ асовет жәларқәа ирылаҵәеит, еиҳарак кавказаа ишьҭырԥааит, миллионҩыла аԥхьаҩцәа иаиухьаз еиҳагьы ирызҳаит европатәи абызшәақәа рахь еиҭарго ианалага.

Аубых жәлар ирбаҟахаз аепикатә рҿиамҭа ҵакылагьы, мҽхакылагьы, философиатә ҵауларалагьы иаԥсаны иреиҳаӡоу ҩымҭас ишьоуп ХХ ашәышықәсазы аԥсуа литература адунеи ҳамҭас ианаҭаз рахьтә. Иахьагьы-уаҵәгьы ирхәыцгоуп ауаатәыҩса рзы. "Ачҳара ззымхаз нышәынҭрак изхеит".

Асахьа: Борис Ашәба "Қәҿаҳәарҭада ашхәа"

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 17
  • ❤ 3
More from @apsua_sputnik
  1. Oct 16, 2026Зықәра иахьшәаз апоет, афырхаҵа Александр Бардодым иԥсы ҭаны иахьанӡа дааӡазҭгьы, 60 шықәс…
  2. Oct 15, 2026Аԥсуа поет, ажурналист, аиҭагаҩ Сарион Ҭаркьыл диижьҭеи 90 шықәса ҵуеит иахьа (1936 - 2005…
  3. Oct 15, 2026Уажәы "Бзыԥ" ҳәа еицырдыруа агазеҭ раԥхьатәи аҭыжьымҭа кьыԥхьын жьҭаара 15, 1931 шықәсазы.…
  4. Oct 14, 2026Аԥҳәызба лыԥшӡара иахҳәаау афразеологизмқәа: 🔸 Мрада дкаԥхоит. 🔸 Мзада дкаҷҷоит. 🔸 Цәым…
  5. Oct 14, 2026АӠЫНҴӘА Амҵәышә халоит, илбаауеит, Саб ҳҵәагәаҩа иҭаауеит. Аҵәагәаҩа – аӡынҵәа Самҵагылоуп…
  6. Oct 11, 2026Иштәоу иԥсылахо аҟаб, апатырқал-ԥшшәы змоу, уаа-шәҩык зҭачаша ар рычуан ду иаҟароу, џьгьар…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →