TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.24K subscribers
Post #1262 674
Уа, жәҩахырла ҳаӷәӷәагәышьан,
Ҳаҟан ҳаиларҭәа.
"Ҳаит!" анырҳәогь ҳнеихагәышьон,
Нхыҵ-Аахыҵ ҭырҭәаа.
Шәшьырак иааӡаз анкьаӡа, анкьа,
Илыхшаз анык.
Изныхақәыраз зыдгьыл гәакьа,
Иашьҭаӡамыз тәымк.
Нарҭаа дуқәа гәаӷьла ирыцыз,
Изыӡбоз зԥеиԥш,
Зыламысгьы хьтәы рахәыцыз,
Мрашәахәаз зҭеиҭԥш.
Бнала ҳбеиан, рахәла ҳбеиан,
Аеҵә ҳарҷаԥшьон.
Ҳхысбыжьқәагьы храмш иаҿаҩуан,
Баҩлашалагь ҳчон.
Иахьаҳтәышьҭраз ҳшон, ҳаиҿыҵуан,
Ҳҽырҭбаауа наҟ-ааҟ.
Ҳарҭ биԥарала ҳаиҵыҵуан,
Аха акын ҳбираҟ.
Саҭанеи лгәыҳәԥыхш иаҿыхәаз,
Иарԥырыз хара.
Шәаԥшь лаша Кавказ зырҿыхаз –
Абарҭ ҳауп ҳара.
Ус акәгәышьоуп, ус акәгәышьоуп,
Измаӡам ԥрашәа,
Лаԥшы рацәа лышьҭагәышьоуп
Еснагь ахьҟәыршәа.
Ԥшак иагозма, ԥсаатәк иагозма?
Аӡбахә цон ҳзааӡаз.
Знык избазгьы ҭынч изтәозма?
Ишәарҭахон Кавказ.
Ирыххан зегьы-зегь ҳхыцқәа,
Нас ҳхәымпалқәа хиан.
Имҩахыҵуан џьоук Нхыҵҟа,
Џьоук Аахыҵ иаӷан.
Аурым, абырзен, аџьамқәа –
Зегьы бџьарла еиқәных.
Уаҩы дызмыхәаӡоз арабқәа...
Акгьы амырӡт сҭоурых.
Адунеи ду аԥшь-ганк рыла
Ҳара ҳахь иеихон.
Ҿыц ҳнарԥылахуан гәышԥыла,
Ԥсаатәҵас ҳаӷахон.
Ҳрызҭакуамызт агәыр аҵа,
Иҭахоз ҳаиуан.
Зқьышықәсала ашьаӡагәаӡа...
Зегьы акоуп – ҳаауан.
Нас ҳабналаны ҳцарызма?
Ҳшазма уи азы?
Иргәаԥхоит ҳәа ираҳҭарызма
Ҳара ҳгәы-ҳаԥсы?
Ҳарҩаш ҭрысқәа, ҳшьанҵа ӡыхьқәа
Ирымҳәац рацәоуп,
Мра шәахәа хаа, ԥша гәыбзыӷқәа –
Ҳзыхдырҟьоз арҭ роуп.
Мшын ҵауыла, ҿаҩа, каршәра
Ргәаҵақәарҿ хьҭацәоуп.
Ҳабна еиужьқәа, ҳадгьыл чашәра –
Ҳзыхдырҟьоз арҭ роуп...


Рушьбеи Смыр ԥсра зқәым ипоема "Семра" ацыԥҵәаха

Асахьаныҟәаҿы: уахҭак ҳацеиҩызшаз азахәцәа ари аибашьра иалиааз рхьыӡрацара ашәа, © Ansar Circassia

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • ❤ 22
More from @apsua_sputnik
  1. Sep 30, 2026Иахьа иҳамоу аиааира аԥсыцқьақәа рацәаны ишахҭынҵоу ҳхаҳмышҭуазароуп ҳәа лҳәеит Аԥсны Аџьы…
  2. Sep 30, 2026Ԥсра зқәым архәҭа Аиааира 33 шықәса ахыҵра аҽны, цәыббра 30, 2026 шықәса Аиааира иациуеит…
  3. Sep 30, 2026Иахьа аашазар ақәа леиуеит Аԥсны, аха ицқьоуп ҳара ҳажәҩан. 33 шықәса Аиааира абираҟ ахагы…
  4. Sep 29, 2026Амалабаша аџьабаа збо, излымҵуа аус иаҿу, башаӡа зыҽзырааԥсо изы ишԥарҳәо аԥсуаа: Аԥсшәа-p…
  5. Sep 29, 2026АЏЬАБАА БАША (иҟалахьоу ажәабжь) Ари ажәабжь саҳаижьҭеи акыр ҵуеит. Усҟан сыҷкәынаӡан. Ҳаи…
  6. Sep 27, 2026Хьымза ҳәа аӡӷаб хьӡы зхәыцыз ҳабацәа абас иҟоу аԥшӡара рыбла хнакуазар акәхарын. Иахатәи…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →