TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.24K subscribers
Post #1260 705
Ашәышықәсақәа иргәылсны иаауа Аԥсны аҭоурых зегьы шьала ианҵоуп. Абри аҭоурых иԥымҵәо цәаҳәа ҟаԥшьны ҳхаҿы иааҳгозар, XIX ашәышықәсаҿы ианааи уи ацәаҳәа зынӡа ихагаханы, еибах-еибафо рҩашхеит, ирҩаԥшьхеит. Убасҟак ирацәоуп усҟан ахақәиҭразы икаҭәаз ашьа.

160 шықәса раԥхьа абри аҽны еилгеит Кавказ ауразоуроу амцашыра иҭазыргылаз аибашьра, еилгеит аԥсуа идгьыл аҿы — Аҳҷыԥсы агәеисырҭа Гәбаадәы. Аурыс саиааит ҳәа аниԥхьаӡа ампыҵахалара ианымшәаз аубыхцәеи аԥсуа-ашьхарыуааи рықәцара ашьҭахь ауп. Амчқәа хыԥхьаӡарала ишузеидымкылаӡозгьы, абџьарла дырмыхәеит, ақыҭақәа былтәхеит. Ус ҟаҵатәхеит избанзар, ар еилыршьаагьы ԥсыуа хаҵак ишәақьмца акыраамҭа ԥсҭак ахьчар алшон. Иаҳгәалаҳаршәап аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәа. Аԥсра иацәымшәоз ахацәа рыԥсадгьыл иазықәԥон, рыжәлар еиқәдырхар рҭахын, раԥсуара цқьаны, кьыс амаӡамкәа.

Ари аибашьра иалҵшәахаз ахҵәара амшала кьоу зҳәо даанымхеит Саӡын, Ԥсҳәы, Аибӷа, Аҳҷыԥсы, Дал-Ҵабал. Зқьышықәсала зылҩаҵә ҩеиуаз, ахьхьаҳәа збызшәа зҿаз ажәлар-гәыԥқәа ишҳәыԥкыз ршьамдгьыл ианыҵит. Аԥсны ахаҿра наунагӡа еиҭакхеит, уа зынӡа ажәҩан иаҵакьысуаз аԥсшәа амҵәыжәҩақәа ҿырҟәдаан! Егьа аамҭа царгьы еинылашьа змам ааха, иҿымцәаауа ахьаа.

Игәыҭшьаагоу арҭ ахҭысқәа зыхҟьаз инҭырҳәцааны адырра ҳуалуп, агәалашәара — иҳалшо иреиҵоуп. Зхы лазмырҟәыз ҳашьцәа ргәамчи рфырхаҵареи кьаҭара ақәымзааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 🙏 13
  • ❤ 6
  • 👍 5
More from @apsua_sputnik
  1. Sep 30, 2026Иахьа иҳамоу аиааира аԥсыцқьақәа рацәаны ишахҭынҵоу ҳхаҳмышҭуазароуп ҳәа лҳәеит Аԥсны Аџьы…
  2. Sep 30, 2026Ԥсра зқәым архәҭа Аиааира 33 шықәса ахыҵра аҽны, цәыббра 30, 2026 шықәса Аиааира иациуеит…
  3. Sep 30, 2026Иахьа аашазар ақәа леиуеит Аԥсны, аха ицқьоуп ҳара ҳажәҩан. 33 шықәса Аиааира абираҟ ахагы…
  4. Sep 29, 2026Амалабаша аџьабаа збо, излымҵуа аус иаҿу, башаӡа зыҽзырааԥсо изы ишԥарҳәо аԥсуаа: Аԥсшәа-p…
  5. Sep 29, 2026АЏЬАБАА БАША (иҟалахьоу ажәабжь) Ари ажәабжь саҳаижьҭеи акыр ҵуеит. Усҟан сыҷкәынаӡан. Ҳаи…
  6. Sep 27, 2026Хьымза ҳәа аӡӷаб хьӡы зхәыцыз ҳабацәа абас иҟоу аԥшӡара рыбла хнакуазар акәхарын. Иахатәи…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →