2026 шықәсазы Аԥсны аӡытә қәыԥшылараҿы фҩык ауаа ҭахеит Sputnik имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿы иҳәеит ареспублика АҶА зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
Зынӡа 2020 шықәса раахыс амшыни, аӡиасқәеи, аӡиақәеи рҿы 70-ҩык ауаа ӡааҟәрылеит:
▪️Аԥсыҭбарақәа 4 — 2020 шықәсазы,
▪️20 — 2021 шықәсазы,
▪️13 — 2022 шықәсазы,
▪️12 — 2023 шықәсазы,
▪️7 — 2024 шықәсазы,
▪️8 — 2025 шықәсазы.
Сабуа иазгәеиҭеит аплиажтә ҵакырақәа сынтәатәи аҽыкәабаратә сезон ишазыхиам, иара иажәақәа рыла, анормақәа ирықәшәоз Гәылрыԥшь араион заҵәык акәын.
Post #21525
26