V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьара рҵаратә цәыргақәҵа аҭааҩцәа урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭалара аҭагылазаашьақәа рзы аинформациа роур рылшоит ҳәа лҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра аконсультант Екатерина Власова.
"Аҵараиурҭақәа зегьы русбарҭа аҭӡыбӷьыц цәырыргоит, уаҟа иреиҳау аҵараиурҭақәа рхаҭарнакцәа аҵараиурҭа аҭалараз аҭагылазаашьақәа, аусшәҟәқәа рынашьҭра аҿҳәара, алагаратә ԥышәарақәа, азеиԥшнхарҭа ирылацәажәар рылшоит", — азгәалҭеит лара.
Аконсультациақәа рыдагьы алекциатә залқәа рҿы имҩаԥыслоит аҟаза-иклассқәа, аквизқәа, азанааҭхырхарҭатә усмҩаԥгатәқәа, аинтерактивқәа.
Уи ԥхьаҟатәи абитуриентцәа рзанааҭ аилкаара алнаршоит, иара убас уи аҿы рхы ԥыршәартә алшара рнаҭоит, раԥхьаҟа иалырхша ахырхарҭа аилкаара алнаршоит ҳәа ацылҵеит Власова.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәахәаԥш ВКонтакте.
#social
Post #21469
21