Гагра араион алагарҭатә классқәа рҿы 500-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа аҵара рҵоит, быжь-школк рҿы Аҵара аминистрра еиҿнакааз амениу инақәыршәаны, ишахәҭоу еиԥш ахәыԥха рҿаҵаразы аус еиҿкаауп, ԥшь-школк рҿы ааигәа иҟоу акрыфырҭақәа рҿы афатә ҟаҵаны ахәыҷқәа рышкол ахь ирызнаргоит, иара убас егьырҭ ашколқәа рҿы ахәыҷқәа амла иамкразы абуфет аҳасабала акрырфартә иҟоуп ҳәа лҳәеит араион аҵараусбарҭа аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа.
Аҵараусбарҭа ахылаԥшра арҭоит, аҭакԥхықәра рыдуп — ашкол анапхгара лҳәеит лара.
"Гагра араион актәи абжьаратә школ аҿы ахәыԥха ахәыҷқәа рҿаҵара еиҿкаауижьҭеи акыршықәса ҵуеит, иара убасшколқәак рҿгьы ыҟоуп уи аҩыза аԥышәа ахьрымоу, аха, уа ари азҵаара адгылара азҭаз аҭаацәа рхыԥхьаӡара инақәыршәаны акәын ахәыԥха зыдгалаз. Насгьы, араион ахадара рыдгыларала Бзыԥҭатәи ашколи Гагратәи актәи ашколи рҿы азыҟаҵаратә классқәа рҵаҩцәа шә-мааҭк ирҭагӡаны ахәыҷқәа ҽнак знык крырҿаҵара еиҿкаан. Абарҭқәа ҳара ҳзы иԥышәан, уажәтәи аус ду аҿы еиҳа ҳус арманшәалоит", — азгәалҭеит Ажьиԥҳа.
Аҵараусбарҭа аиҳабы лажәақәа рыла, ашколхәыҷқәа рхыԥхьаӡара ахьырацәоу ашколқәа рҟны азнеишьақәа рыҭҵааразы аусурақәа мҩаԥыргалоит.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит Sputnik Аԥсны аҟны.
🖇 Уаанӡа Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иҳәеит Аԥсны аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа рзы ашколтә крыфарҭақәа рҿы ахәы ԥханы аҟаҵараз Урыстәыла ахада ирезервтә фонд аԥара шазоунажьуа. Владимир Путин иӡбарала арҭ ахықәкқәа ирзоужьхоит 245 млн мааҭ. Апрограмма алыршахоит Урыстәыла аԥаразоужьралеи, Аԥсны абиуџьет аҟынтәи ацхыраареи рыла.
#social
Post #21400
25