34 шықәса раԥхьа арҭ амшқәа рзы Гагра араион ахақәиҭтәразы ажәыларақәа цон.
Жьҭаара 5 1992 шықәсазы аԥсуа десант "Аӡиас хьшәашәа" ҳәа иахьашьҭоу аҟны амшын аҟнытә иӡхыҵит.
Аԥсны Афырхаҵа Геннади Ҷанба командаҟаҵаҩыс дызмаз аԥсуа еибашьцәа аӷа ихырӷәӷәарҭақәа цҟьо аҳәаахь инаскьон. Ақырҭуа еибашьцәа шаҵахоз анырба, рабџьари рџьаԥҳани кажьны, Гьечрыԥшь аган рхы рхы дырхеит.
Гагра араион ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит 117-ҩык ҳтәыла аҵеицәа. Араион аӷа имацәаз иҭакын 48 мшы.
Афото © афотоальбом "Аиааира"
#social
Post #21236
29

- 👍 2