Аԥсны Апарламент аиҳабы Лаша Ашәбеи Башкортосҭан Акурултаи ахантәаҩы Андреи Назарови урыстәылатәи арегион аҟынтәи ареспубликахь аделегациа раара аихшьаалақәа рыла акоммиунике рнапы аҵарҩит.
Аиԥылараҟны аганқәа ирылацәажәеит Аԥсни Башкортосҭани реимадара аҿиара аҭагылазаашьеи аԥеиԥшқәеи, иара убас аусеицура аринахысгьы арҭбаара азҵаарақәеи.
Ашәбеи Назарови иазгәарҭеит апатуеиқәҵара шьаҭас иҟаҵаны, наҟ-наҟ аекономикатәи акультуратәи еимадарақәа рырӷәӷәара шхымԥадатәиу, ареспубликақәа рыбжьара апарламентбжьаратә еинырра арҿиара ишазыхиоу.
🖇 Башкортосҭан аделегациа Аԥсныҟа иааит ареспублика Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш азы аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы.
Post #21131
30