Аҟәа акоммуналтә маҵзурақәа русура ирӷәӷәоу арежим ахь ииагоуп ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.
Аԥшатлакә аҵлақәа еиланажьит, амҩадуқәа аӡы рнылеит, уи аҭагылазаашьа аруадаҩит.
Аспециалистцәа амҩадуқәа ррыцқьара иалагахьеит: аҵлақәа хҵәаны амҩадуи ашьаҟамҩақәеи рҟынтәи иқәыргоит. Аусурақәа ирыцырҵоит аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахаанӡа.
Аиҳабыра ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟарҵоит аҩны иаанхарц, рхатә транспорт ԥсыхәа анамам акәымзар рхы иадмырхәарц.
Авидео © Аҟәа ахадара апресс-маҵзура
Post #21105
42