TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 589 subscribers
Post #21047 28
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны иршьыз Амина Бикбова лҭаацәа ирыдышшылеит.

Аусбарҭаҿы инаҵшьны иазгәарҭеит иҟалаз Аԥсны ауаажәларра ргәы ишалсыз.

"Зынӡаск иҟамлароуп итәылауаҩреи истатуси ирыхьмырԥшыкәа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аӡәгьы ацәгьа дақәшәар ҟалаӡом", — рҳәеит аминистрраҟны.

Иҟалаз ахҭыс инамаданы азинхьчаратә усбарҭақәа аоператив-усеилыргаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит. Агәызҩара ззыҟоу даанкылоуп, иҟалаз аҭагылазаашьақәа зегьы шьақәдыргылоит.

Аԥсны АдәАР адырра ҟанаҵеит азинхьчаратә усбарҭақәа аус шрыцнауа, аусҭҵаара амҩаԥысшьа ишацклаԥшуа.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Sep 28, 2026Хьыбла Гьерзмааԥҳа имҩаԥылго авокалистцәеи аконцертмеистерцәеи III Жәларбжьаратәи реицлабр…
  2. Sep 28, 2026Аԥсныҟа иаагоуп араионтә машьына-трактортә станциақәа рзы агьежьхарԥақәа актәи ахәҭа. Уи а…
  3. Sep 28, 2026РУСДРАМ-и Новосибирсктәи атеатр "Глобуси" арҿиаратә усеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Сан…
  4. Sep 28, 2026Очамчыра араион Џьал ақыҭа ахадара ахыбра ԥсаххоит, анаҩс аҿаԥшылара еиҿкаахоит. Уи алырша…
  5. Sep 28, 2026Очамчыра араион Џьал ақыҭан ҩ-баҟак аартын иахьа, абри атәы иҳәеит ақыҭа ахада Алиас Акаба…
  6. Sep 28, 2026Аԥсны ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа Ақалақь-фырхаҵа амш амҩаԥгараҿы ацхыраара ҟазҵаз араион а…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →