Валериа Делба аканал "Россия-1" аҟны ашоу "Ну-ка, все вместе!" афинал аҿы дықәгылеит.
Артистка афиналтә хәҭахьы днеит 95 хәшьара еизганы. Аха ахыркәшаратә баттл аҿы Полина Гагарина лашәа "Шагаи" ала лықәгылара, 89 балл роуп иаиуз. Делба дзындаҭлоз 8 кәаталак рыла деиҳахеит.
"Иҭабуп идуӡӡаны ари апроект "Ну-ка, все вместе!" акоманда зегьы. Еиҭах ара аҟазаара, уи аимгеимцара анырра алшаразы! Сара ииашаҵәҟьаны ари ашоу даара бзиа избоит, насыԥ сымоуп уи сахәҭакны аҟазаара", — ҳәа лсоциалтә ҳақәа рҿы илҩит Делба.
🖇️ Ашоу ахь Валериа Делба нанҳәамзазы дхынҳәит ашәа "I'm Outta Love" лыманы. Лара ҵыԥхгьы далахәын ари апроект, аха афиналбжахь дзымнеит — баллк ауп илзымхоз. Аԥҳәызба илыӡбеит дхынҳәны лымчқәа даҽазныкгьы иԥылшәарц.
Post #21003
50