Аԥсны аҵаразы азакәан анрыдыркылалак ашьҭахь, аҵаратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа рзы аттестациа аларгалоит ҳәа лҳәеит аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа.
"Ишиашоу амчра аусбарҭа хада иазԥнаҵәаӡом (ашколқәа рдиректорцәа - аред.), аха амчра аусбарҭа хада аттестациа амҭакәа анаҩстәи адиректор имаҵураҿы аҟазаара залыршахом", — ҳәа азгәалҭеит Гәынба.
Лара илҳәеит азакәанпроект азырхианы ақәыршаҳаҭра ишахысуа. Сынтәа уи Аминистрцәа реилазаарахь ицәырыргоит. Афинанс-нхамҩатә усура, адокумент инақәыршәаны, аҭыԥантәи анапхгаратә усбарҭақәа рнапаҵаҟа иҟалоит.
Post #20952
73