TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.24K subscribers
Post #956 712
Абҵарамза ҳҭалеит амра каҷҷа-гәыбзыӷ шаҳхаԥхо.

Абҵара́ – аԥсуаа аши ахәыӡи анаадрыхуаз аамҭақәа рҟынтә иаҳҭынхаз ажәоуп, архрагьы алаҳәарагьы аанагоит: жатва проса, молотьба колосьев. Иахьатәи ҳажәаҳәаҿы амза иахьӡуп ада ахархәара амам, аха афольклортә текстқәа рҿы иуԥылоит. Иаҳҳәап, ажәытә Аергьашәа вариантк абас иҟоу ацәаҳәақәа алоуп:

"Жәҩангәыла ддараџьуан,
Мшынгәыла дыбҵауан,
Гаҿала дҳәынҷауан,
Арԥыс еиқәа, хәеиқәа, жьыш".

Абҵара амзақәа зегь раасҭа ахьӡ рацәа еиднакылеит, анхара-бзазара иадҳәалоуп рызегь: 🌰 Хьача́н, Мҟаҟача́н (аҽаҩрақәа еингалатәын азы ҽеишәа аҟаҟахаҵәҟьа аамҭа аныҟамыз), 🍂 Быӷькаԥса́н, 🐏 Ҭыӷьлаҵа́н (аҭыӷьқәа роушьҭра аамҭа), 🌙 Мзаҷа́, Лы́мдмза, 🛕 Гьаргәа́бамза (Гьаргь Ацқьа ихьӡала ианныҳәоз).

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 11
  • ❤ 5
More from @apsua_sputnik
  1. Sep 27, 2026Хьымза ҳәа аӡӷаб хьӡы зхәыцыз ҳабацәа абас иҟоу аԥшӡара рыбла хнакуазар акәхарын. Иахатәи…
  2. Sep 27, 2026🖼️ Аҟәатәи аевкалиптқәа Аҟәа ахақәиҭразы аҵыхәтәантәи ажәылараҿы иҭахаз асахьаҭыхҩы Зураб…
  3. Sep 27, 2026Аԥсуа данҿоугьы, Дыԥсны дангҿоугьы, Аԥсны азы дықәԥоит. Иҭоурых еилазго, Иҳәаа еиҭазго, Мб…
  4. Sep 24, 2026🍽 "Асас афатәгьы ицыҩналоит" (Ажәаԥҟа) Жьыхәҭала еиҿыҟьҟьаны ижәу акәац, ишдыру еиԥш, доу…
  5. Sep 24, 2026"Зқьы ааӡаны шәкы абна илазҵаз" Иахьа аҵакы еиҭарсны иаҳҳәоит, амазара аазырԥшуа фразеолог…
  6. Sep 22, 2026Ажәа ҟәышқәа, ажәа гәылхқәа аԥсуа ихәыцшьа зныԥшуа • Ауаҩы иԥсы зазааит, имгәа бжьазааит.…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →