📆 Еҳ, аамҭа, аамҭа, уабацои уԥырны... ҳәа дазҵаауан шәышықәса уажәаԥхьа аԥсуа поет-қәрахьымӡа Иуа Кәаӷәаниа.
Аиашаз, ҳнаҳәны ҳаахьаԥшаанӡа ашықәс ҿыц актәи амзабжа ниасны ицеит. Аха уи ҳалахь еиқәнамҵап, ахәыҷқәа ирызҳауеит, адуцәа ҟәышрак рзацлоит, зегь аԥсҭазаара иатәуп.
Аамҭа атәы анаҳҳәа, абра иааҳгоит аԥсуаа амзақәа рыхьӡқәас рхы иадырхәоз. Уамашәа ибзианы ирныԥшуеит ҳажәлар рыбзазашьеи рдунеихәаԥшышьеи. Ажәытә аԥсшәа ацәаҩа зхоу ажәақәа:
Ажьырныҳәа – Ӡынгәы́мза, Чыдладу́, Гәны́ҳәа, Ӷымзымзаду́, Ӷазы́мзаԥ, Шьашәы́мза, Замҳара́ҳ (Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рҿы)
Жәабран – Ӡышәкәа́р, Ӡышәкәа́н, Ԥеруа́л, Мзаҩры́, Ӡынҵы́хә, Ӷымзымзахәыҷы́ (икьаҿуп азы)
Хәажәкыра – Аԥша́мза, Ҿабла́н, Аиҭа́рымза, Қфа́тмза (месяц молитвы за домашних животных)
Мшаԥы – Ҿаблакьы́н, Быӷьпыты́н, Цәаӷәара́мза
Лаҵара – Лаҵа́н, Шьхаца́н
Рашәара – Цуны́ҳәамз, Кәы́ркәа хәҷы
Ԥхынгәы – Кәы́ркәа ду, Ҭәархы́н, Чархы́н (ҵаб), Ҿача́мза (М. Гәажәба)
Нанҳәа – Мрашы́мза, Кәыбры́лаҳәан
Цәыббра – Цәыббы́н, Лаҳача́н
Жьҭаара – Бҵан, Раҟәы́бан, Шьхалба́ан, Ҿараблы́мз (О. Беигәаа ианиҵаз)
Абҵара – Быӷькаԥса́н, Лы́мдмза, Ҭыӷьлаҵа́н, Мзаҷа́, Хьача́н, Мҟаҟача́н, Гьаргәа́бамза (Гьаргь ацқьа изкыз аныҳәарала), Ба́ага (О. Беигәаа ианиҵаз)
Ԥхынҷкәын – Ӷыҵы́мза(ԥ), Қьы́рса, Ӡынхы́; Лымты́мза
Ахыҵхырҭақәа: Борис Џьонуа. Аурыс-аԥсуа жәар; Есма Ҭодуа "Аԥсуа мзар: амзақәа рыхьӡ азы згәаҭарақәак"
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #13
782

- 👍 15
- ❤ 5
- 🔥 5
- 👏 1