TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.24K subscribers
Post #750 334
Ахьыуардын 🧩 Ажәахырҿиаара 🥅 А́мба (ворота в спорте) Аԥсуаа рмилаҭ хәмаррақәа ирхылҿиааз жәытә ажәоуп. Аханатә "амба" ҳәа иашьҭан ахәмарҩы илақәа хҩаны лабала иқәиҟьараны иҟаз аҵәышьаҟа: а-м-ба (иумбо), букв.: невидимое. Ус ишааиуаз, ампыл асрақәа раан иадырсуаз ашьаҟақәа…
🌙 Иаха амзаҿа гылеит, аха ишаԥу еиԥш, иаразнак иаҳбарҭахаӡом. Ахшьырԥ асахьа аманы хьы-рахәыцшәа икыдлаанӡа, амзадара аныҟоу абарҭ ҩаха аԥсшәаҿы "ажәы́мбара" ҳәа ирышьҭоуп (безлуние). 🌚

🌾 Ари ажәа даҽа ҵакыкгьы шьҭнахуеит. Аҽаҩра ҿыц еилазазо амхы иҭагылоуп, аха аҿыхра макьана изаауп, арахь аҽаҩра жәытә нҵәарц егьагым – абри аамҭагьы ажәымбара ахьӡуп.

Зынӡа еицәыхароу еилкаарақәоуп уҳәап, аха еицырзеиԥшу ҵакуп а́мбара.

Хәмаршақә, ҳахьтәоу амза ацлара-агхара "хьыӡраҳтәит":

🌙 Аххьа-магана (золотой серп)
🌒 Ахыц (дугообразный лук)
🌓 Ашьынка-са (долька дыни)
🌕 Абла-заҵә (одинокий глаз)

Шәаргьы шәвариантқәа анышәҵа. 🌝

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Telegram Ахьыуардын "Амза ангыло ауха аԥсыӡ иабоит, адырҩауха ала иабоит, адырхаухоуп ауаа ианырбо". •Аԥсуа жәлар разгәаҭара• Амзаҿа ахыцеиԥш жәҩан ианкыдлалак араӡны ԥара ма ахьымацәаз арбаны "Амзаҿа ахьаҩаҿа ублабара ҳазгәырӷьахьааит!" рҳәон 🌙 Иахьагьы иҟоуп ақьаадԥара…
  • 👍 8
  • ❤ 6
More from @apsua_sputnik
  1. Sep 27, 2026Хьымза ҳәа аӡӷаб хьӡы зхәыцыз ҳабацәа абас иҟоу аԥшӡара рыбла хнакуазар акәхарын. Иахатәи…
  2. Sep 27, 2026🖼️ Аҟәатәи аевкалиптқәа Аҟәа ахақәиҭразы аҵыхәтәантәи ажәылараҿы иҭахаз асахьаҭыхҩы Зураб…
  3. Sep 27, 2026Аԥсуа данҿоугьы, Дыԥсны дангҿоугьы, Аԥсны азы дықәԥоит. Иҭоурых еилазго, Иҳәаа еиҭазго, Мб…
  4. Sep 24, 2026🍽 "Асас афатәгьы ицыҩналоит" (Ажәаԥҟа) Жьыхәҭала еиҿыҟьҟьаны ижәу акәац, ишдыру еиԥш, доу…
  5. Sep 24, 2026"Зқьы ааӡаны шәкы абна илазҵаз" Иахьа аҵакы еиҭарсны иаҳҳәоит, амазара аазырԥшуа фразеолог…
  6. Sep 22, 2026Ажәа ҟәышқәа, ажәа гәылхқәа аԥсуа ихәыцшьа зныԥшуа • Ауаҩы иԥсы зазааит, имгәа бжьазааит.…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →