"Амза ангыло ауха аԥсыӡ иабоит, адырҩауха ала иабоит, адырхаухоуп ауаа ианырбо".
•Аԥсуа жәлар разгәаҭара•
Амзаҿа ахыцеиԥш жәҩан ианкыдлалак араӡны ԥара ма ахьымацәаз арбаны "Амзаҿа ахьаҩаҿа ублабара ҳазгәырӷьахьааит!" рҳәон 🌙 Иахьагьы иҟоуп ақьаадԥара азырбо, мзашәа иацлааит ҳәа 🌚 Амзаҿа анубо ицқьоу акы уахәаԥшыр бзиан (асаркьа, аиха, аџыр), уи ацқьара уара уахь ииасуеит ҳәа иԥхьаӡан.
🟠Амза иакәшо аҽы́кәаҳа (нимб) бзыԥтәи адиалект аҟны хьӡыс иамоуп "амзагәа́ра".
Асахьа © Sputnik
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #625
438

- 👍 12
- ❤ 5
- 😍 3