📌 Ажәа бзиоуп
Ар рхы – главнокомандующий
"Ар рхы ҭызго", "ар рҵыхәа ҭызго" ҳәа ҳбызшәа иалоу афразеологизмқәа агәымшәа, ахаҵа ӷәӷәа изы иҳәоуп, аҩбагьы аибашьратә стратегиа иахылҿиааит.
Ар рхы ҭызго – авангард; начальник авангарда (аԥхьагылара зуа);
Ар рҵыхәа ҭызго – арьергард; начальник арьергарда (даҽакала: аҵы́хәахьча).
"Ар рхы-рҵыхәа ҭызго" ҳәа еилангьы иахьаҳԥыло машәырӡам. Аибашьраан аусқәа еснагь еиқәышәшәа изцомызт, ахьаҵра анаҭаххо аамҭазы авангард – арьергардхоит. Усҟан рус иаҳагьы ишәарҭоуп, агәаӷьра дуӡӡа аҭахуп. Арҭ атерминқәа ишнеиуаз агәымшәара ду злоу ауаа ирҟазшьарбагахеит.
#ажәа_бзиоуп
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #526
386

- 👍 12
- 🔥 3
- ❤ 2