Бзыԥ ☑️
"Бзыԥ агәы шсымац исымоуп,
Бзыԥ аԥша сыцуп икәалӡны.
Бзыԥ атәы шсылац исылоуп,
Уантәоуп сахьааз смаӡаны".
(Белла Барцыцԥҳа)
Бзыԥ – Аԥсны иреиҳаӡоу аӡиасқәа иреиуоуп, аура 110 км инаӡоит (урыла Егри Кәыдри ирзааигәоуп; иаҿшәырԥш: Аԥсны агаҿа иааидкыланы 240 км ыҟоуп). Аӡҵакыра 1510 км², аӡы иныҵуа бжьаратәла 97 м³/с.
Ахы акуеит Кавказ ашьхеибаркыра хада иҵыҵуа аӡыхьқәа рҟынтә, 2300 м аҳаракыраҿы. Иаӷьуп, аԥанқәа амоуп. Аҭбаара 20-30 метра иахьынаӡо ыҟоуп. Амшын еиқәа иалалоит Пицунда азааигәара. Аԥсыӡ ҭоуп: амлагәыр, акалмаҳа.
Бзыԥ абас амч азҭо хыԥхьаӡара рацәала иалало ашьха рҩашқәеи аӡқәеи роуп. Ишәзеизаҳгеит урҭ рыхьӡқәа:
1. Хьымса,
2. Шьхабжьҵәа,
3. Башкаԥсара аӡы,
4. Чамҳагәара,
5. Ԥсиҵа,
6. Ԥсыкәа,
7. Ԥскьеҩ,
8. Ԥсыш,
9. Рашҩа,
10. Рыӷӡа,
11. Рашырҩа (иара уи иалалоит Рҩаԥшь),
12. Ӡышра (Џышра),
13. Ҟәыбыш,
14. Агрыбзы,
15. Гәашҭхәа,
16. Бааҩ (ма Аӷәра) ,
17. Бҭәага,
18. Иаӷьа (р. Гега),
19. Ҩыԥсара (Риҵа иалҵуеит),
20. Хабаба ирҩаш,
21. Асӡха,
22. Цыбишьха акәара.
Ари асиа хаҭәаамзар алшоит.
Ахыҵхырҭақәа:
Валери Кәарҷиа. Аԥсны атопонимика быжь-томкны. Ахԥатәи атом. Аҟәа, 2019.
Руслан Гәажәба. Аҟәа араион аҭоурых аазыркьаҿны.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #31
592

- 👍 21
- ❤ 4