Ахәыҷқәа, адуцәа, уимоу арахәгьы ачымазара рацәыхьчаразы, алаԥш рыҟәгаразы жәытәла аԥсуаа имҩаԥыргон "аҵла адацқәа рыҵгара" ҳәа аритуал.
Абри аритуал зыдҳәалаз араҵла заҵәык акәын, хықәкыла иуҳәозар, уи адацқәа: "Арадацкылхра". Абҷи, аимҳәаршәи (корь, скарлатина, коклюш) зыхьуаз, алаԥш, ма иара ус агәамбзиарақәа зчычоз ауаа ракәын хадаратәла арадац иҵыргоз, ҳәа лыҩуеит афольклорҭҵааҩ Сусана Ҭаниаԥҳа.
Араҵлеи арасеи зымшьҭа бзиоу аҵлақәа рахь иԥхьаӡоуп, арасамахә кны иныҳәоит. Аха убри аан, араҵла агәарԥ аҿы еиҭарҳауамызт, иаҵаианы ицәомызт "адабла рысуеит" ҳәа, еиҭазҳауазгьы еиҳарак абыргцәа ракәын. Зықәра наӡам еиҭеиҳар, иаҟара ианызҳалак иара дыԥсуеит ҳәа иԥхьаӡан...
Аҵла мышьҭа бзиақәеи амышьҭа цәгьақәеи ртәы инарҭбааны иҳәоуп абра»
Аҵлажәлақәеи урҭ рхархәашьеи ртәы – абра»
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #299
354

- 👍 9
- ❤ 4