Араҵла иҿало араса захьӡыми?
🌰 Араса́ ажәа ҩбаны ишьақәгылоуп ара + с’а (фундук, букв.: "мелкий орех"), аҵиаагьы иаҿалогьы ажәакны ицоит. Араса ссоуп, еимҿаԥаны иҿалоит, шьапырацәалагьы еилагылоуп.
Ара́ акәзар, ҵла духоит, ашьапқәа хаз-хазы игылоуп, иаҿало ашәыр ҟәазуп, хазы ахьӡгьы аиуит – акака́н. Иҟалап, акакала, цыра-цырала иахьыҟоу азакәзар.
Иаҿшәырԥш убасгьы, ачарыц азы абжьыуаа ирҳәар ауеит "ача́какал" (пшеничное зерно) ҳәа, нас "аԥҳәаса какал" (алыча одна) ҳәагьы рҳәоит.
-с’а зланы ишьақәгылоу иҵегь ажәақәа: аԥса-са (мелкий рогатый скот), аҵәа-сса, аҳа-сса (дикая, т.е. мелкая груша и яблоко), аԥҳәа-са (алыча, букв.: "мелкая слива") ауаҩа-́са (низкорослый человек).
Ажәақәа: аҵы-с, аҽҵы-с, аҳәы-с, аӡы-с, арԥы-с, аа-с (подлесок) рҿы иҳамоугьы иара убри "асса" иахылҿиааз асуффикс -с ауп уҳәаратәы иҟоуп. Иааҳгаз аҿырԥштәқәа зегьы рҿы иҳамоу ишәышәуа-ишышуа аспирант -с' ауп.
Зыԥҽра цәгьоу, згәылҵра мариам акакан "акакан кәада́" ҳәа азырҳәоит. Шәара ишәԥылахьоума ари ажәа ас ахархәара аманы?
Асахьа: CCO
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #297
351

- 👍 10