Згәы былуа иажәа уарԥхоит.
Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр иԥсы ҭазҭгьы иахьа 73 шықәса ихыҵуазаарын.
Гәдоуҭа инеиҵыхны, гьамала игәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥыргеит: ажәеинраалақәа, ашәақәа, изку ажәа ҟәандақәа – зегьы аԥсы рхаҵаны.
Рушьбеи Смыр зыжәлар рҿахәҳәара насыԥс изауз поетуп, Анцәа илаԥшхаа ихын, аҵыхәтәантәи иԥсеивгараҟынӡа иԥсадгьыл аҭоурыхи аԥеиԥши рыла иԥсы ҭан.
Рушьбеи Смыр ирҿиара Аԥсни аԥсуа жәлари ыҟанаҵ ԥсра-ӡра зқәым баҟаны иаанхоит. Иара иажәеинраалақәа убас еиҿартәоуп, ӡахырсҭак убараны иҟаӡам, иџьоушьоит, урыцԥсуеит, урыциуеит иаауртыцыԥхьаӡа. Абзиабаратә лирикаҿы ацхеиԥш дхаауп, аграждантә лирикаҿы – аџыр еиԥш деиларҭәоуп, ибызшәа ашәеиԥш еихышәшәоуп, инеибеиԥшны зегь поезиоуп. Идура – дызлиааз ажәлар рдуроуп.
Аԥсны Жәлар рпоетцәа хҩык еидаҳкылозар, Дырмит Гәлиа иеиҭеиҳаз аԥсуа сахьаркыратә литература аҵла ажәҩан иаҵакьысуа иҳараикит Баграт Шьынқәба, амҽхак адунеи иаҟараны ирҭбааит Мушьни Лашәриа, адац адгьыл аҵа иҵхәраауа аӡыхьқәа рҟынӡа ирҵаулеит Рушьбеи Смыр, уи ашьапы ашәпараҿгьы дыҟоуп, акьышәкьышәра илнаго абӷьыеҵәаҿгьы дыҟоуп.
Аҵла дацла иӷәӷәоуп, егьа фырҭын асыргьы ихжәараны иҟаӡам, аха иҩар ҟалоит, иаҿало ашәыр хаа – иахьа уажәраанӡа иҭыҵхьоу, иҭыҵраны иҟоу аҩымҭақәа ианаамҭоу "иҳамҭаар", ҳармыԥхьозар.
Афото: аҭаацәара рархив аҟынтә
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #155
418

- 👍 11
- ❤ 10