Аԥсны Жәлар рартистка, амузыка арҵаҩы Лиудмила Гәымԥҳа ақәра ԥшӡа 70 дҭагылеит.
Аԥсуа естрада зыда ухаҿы иузаамго ашәаҳәаҩ лыԥсабаратә баҩхатәра ауаа ргәы хнахит ҳтәыла аҩнуҵҟеиԥш уи анҵыгьы. "Уа бзиала шәаабеит!" ҳәа лыбжьы хаа анаауаҳалак аԥсҭазаара уҭаххоит.
Асценаҿы лынеиҭаҵ-ааиҭаҵшьа, лыччаԥшь, лгәыкра, иара ус абжьааԥнытәи лцәажәара – зегьы ирнубаалоит лхы инаркны лшьапаҟынӡа ҟазарала еибарку, аҟазара зшьа-зда иҭахәмаруа Аԥсны аԥҳа ԥшӡа шлакәу.
1972 шықәсазы агәыԥ "Аԥсны-67" асолисткас дҟалеит, дара инарыгӡон аԥсуа композиторцәа раԥҵамҭақәа, аестрадатә аранжировка рзуны, аха амилаҭтә колорит, абжьырацәа, аритм еиқәырханы. Иааидкыланы агәыԥ арепертуар шәкы инареиҳаны ашәақәа алоуп, иреиӷьу 30 "Ахьтәы коллекциа" иагәылалеит (2007).
Асовет аамҭазы агәыԥ аҳәаанырцә акырџьара қәҿиарала иқәгылахьан, Германиа, Прибалтика атәылақәа, Польша, Азербаиџьан уҳәа.
Лиудмила Гәымԥҳа Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ ҳаракы лыхҵан 1986 шықәсазы, 2003 рзы "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара ланаршьеит, 2011 шықәсазы амузыкатә ҟазара арҿиараҿы ллагала ду ршьеит Аԥсны Жәлар рартистка ҳәа ахьӡ лыхҵарала. 2017 шықәсазы иланашьоуп Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа.
Аха зегьы ирыцку, ажәлар рыбзиабара лыцуп, уи, Баграт ду иҳәан еиԥш, иҟьалан иааӡом.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #152
394

- 👍 14
- ❤ 3
- 🔥 2
- 👏 1