Кәасҭа Ченгьелиа напхгара аиҭон аколлектив, ари афестиваль ахь 12-ҩык артистцәа алихит, рықәра ааизакны зқьышықәса иреиҳан. Иара дыҷкәынан рҿаԥхьа, Иван Кортуа иаамҭанымкәа иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, дҿыцны инапы ианырҵеижьҭеи рацәакгьы ҵуамызт, аха аҵара аиҳабра-аиҵыбра амаӡам ҳәа, алеишәеи аҭакԥхықәра дуи аарԥшны иазыҟаиҵон. Абыргцәагьы асаби иеиԥш рымаршәа акышьа иақәшәатәын.
Амза 3 рзы Венгриа инеит, ԥшьымш еиқәырццакны арепетициақәа ирҿын, ҩ- ашәак нарыгӡараны иҟан: "Уазбақьи" "Ачарашәеи". Ахҭысқәа игәалаиршәон акомпозитор ихаҭа хәышықәса раԥхьа. Иара дымҩасхьеит, ииҳәазгьы шьҭа иҭоурыхуп, Иуа Коӷониа иажәақәа рыла иуҳәозар, "аушәақә иаазыркьаҿны" иааҳгоит:
"Абыргцәа сцәааԥсар ҳәа сшәон, аҽны ус расҳәеит "Баба, иахьоуп аус злоу, иахьоуп ҳхы аныдҳарбаша" ҳәа. Даргьы џых-џыхӡа, хәарҭәаԥшь рымамкәа иҟан, иаԥсыуаамзи! Ашьыжь ашәыр аахәара ҳцеит абазарахь, ашәыр абжьы иазеиӷьуп. Ҳакрыфара акгьы агӡамызт усгьы, абысҭа ҳзыруан. Венгриаа абысҭаушьа абардыруаз, аха абас-абас ауп ҳәа расҳәан, аҟаҵашьа дансырҵеит, нас Болгариа ма Румыниа ицаны, ҳаирпланла ҩ-сакьк ашыла ааргеит...
Ахәылбыҽха асааҭ быжьба рзы ҳақәгылараны ҳаҟан. Аамҭа анааи ҳҽааибаҳҭан, ҳҿынаҳхеит. Сара асцена сықәлар ҟалаӡомызт, саарылалан, зегь сыгәӡит. Сара исылшоз акы агмыжькәа иҟасҵеит, шьҭарнахыс Анцәа инапы шәанысҵоит сҳәан, рҿынасырхеит".
"Нарҭаа" ашәа ҳәаны, акәашарахь ианиасуаз азал зегьы гыланы анапеинҟьара иаҿын, Arany páva (венгер: "золотой павлин") ҳәа ҿырҭуан еицҿакны, изыхәҭоу абарҭ роуп ҳәа аанарго. Ус иагьыҟалеит. Аицлабра иалахәын 22 ҳәынҭқарра.
Жәлар рартист Кәасҭа Ченгьелиа иҿала ари ахҭыс шеиҭеиҳәаз шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
