Шәышықәса раԥхьа диит зыхьӡ-зыԥша хара инаҩхьаз, москватәи "Спартак" ашьапылампыласҩы Никита Симониан.
Акырынтә СССР иачемпионхахьаз ашьапылампыласҩы аспорттә мҩа данылеит Аԥсны — аҳҭнықалақь акоманда "Динамо" аҟны дыхәмаруан.
Симониан 40-тәи ашықәсқәа рзы Москваҟа дышцазгьы, Аԥсны дацәымӡит, атәыла даара гәыблыла дазыҟан. 2017 шықәсазы ареспубликахь данаауаз аамҭазы иара игәалаиршәон даныхәыҷыз ашьапылампыл дшаҿыз,
"Ҳаныҷкәынцәаз аамҭазы ашьапылампылтә дәқәа ыҟамызт. Гәылрыԥшь ахәмарра иазыманшәалахаша адәқәа ыҟоуп ҳәа ҳаҳаит. Усҟан имҩасуаз афымцадәыӷбақәа атамбурқәа ҳрықәтәан, уахь ҳцон, ҳааԥсаанӡа ашьапылампыл ҳасуан, шьҭахьҟа 12 километра шьапыла ҳаауан. Амлагьы ҳакхьан... Аха абаҳчақәаҿ ашәыр ҳфон", — иҳәон ашьапылампыласҩы.
Никита Симониан иԥсҭазаара далҵит абҵара 23, 2025 шықәсазы.
Аԥсны дшыргәалашәо, насгьы аҟәатәи "Динамо" аҭоурых аҿы иааникыло аҭыԥ атәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.
Post #21445
36