TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21402 26
Аԥсуа шәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа изку адокументалтә фильм аҭыхрақәа ирылагеит Аҟәа.

Афильм ҭырхуеит апроект "Аԥсны ауаа" аҳәаақәа ирҭагӡаны Аинтернет аҿиаразы урыстәылатәи Аинститут ацхыраарала.

Аҭыхрақәа ирылахәуп Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи амедиа аусзуҩцәа, "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" роушьҭымҭацәагьы. Иара убас, афильмқәа ӡыргахоит урыстәылазегьтәи апроект "Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа" алахәылацәа — аблогерцәа, ажурналистцәа, ауаажәларратә гәаанагара аԥхьагылаҩцәа.

Апроект анапхгаҩы Сабыхә Мамедов иажәақәа рыла, урыстәылатәи ахәаԥшцәа Аԥсны ддырдыруеит ауаа рыла.

Анаҩстәи афырхацәа — амузыкант Валери Маиромиан, Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апрезидент Шабаҭ Логәуа. Мызкахьы знык фильмк ҭыҵлоит. Сынтәатәи ашықәс азы иазгәаҭоуп хԥа.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 11, 2026Иштәоу иԥсылахо аҟаб, апатырқал-ԥшшәы змоу, уаа-шәҩык зҭачаша ар рычуан ду иаҟароу, џьгьар…
  2. Oct 11, 2026"Лыхнашҭа" — аԥсуа жәлар рҽаҩра иақәныҳәарц, аҿамаҿа агьама еибадырбарц имҩаԥырго ныҳәоуп…
  3. Oct 11, 2026Амилаҭтә спорт хәмаррақәа рҟны рхы ԥыршәоит аҽаҩраныҳәа "Лыхнашҭа" иалахәу. Ҷыдала — ахыци…
  4. Oct 11, 2026Ажәытәан аԥсуа џьыкҵәаҵәа аҳаҟьаҟны ишыҟарҵоз иҟасҵоит, — лҳәоит Дәрыԥшь ақыҭантәи аҽаҩран…
  5. Oct 11, 2026Ажьырӡы, амца, ашыла, нас ақалмышь. Ақалмышь аԥсуаа аныҳәақәа рзы аишәа иқәдыргыло ахаатә…
  6. Oct 11, 2026Лыхнашҭа — аҽаҩраныҳәа мацарам, аԥсуаа ҳатрадициатә культура ахкқәа зегьы раарԥшреи реихаҳ…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →