TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21401 24
Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт мҩаԥысит жьҭаара 9 рзы Москва.

Аԥснытәи аколлектив ықәгылеит Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа азал аҿы.

Артистцәа инарыгӡеит аԥсуа композиторцәа рҩымҭақәеи жәлар рашәақәеи, аурыс хортә музыка, мраҭашәаратәи аклассика, иара убас адоуҳатә ҩымҭақәа.

Урыстәыла Жәлар рартист Александр Книазев инаигӡеит Нодар Ҷанба авиолончель азы иҩыз исоната.

Иара убас жьҭаара 10 рзы амузыкантцәа ВДНХ аҿы иаарту аконцерт ду мҩаԥыргоит.

🖇 Агастрольқәа Аԥсны акультура аминистрра ацхыраарала имҩаԥгахоит, уи Урыстәылеи Аԥсни рмузыкантцәа рыбжьара шықәсырацәалатәи арҿиаратә еинырра иацнаҵоит.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 11, 2026Аԥсны Арбџьармчқәа аԥҵоижьҭеи 34 шықәса ҵит. 1992 шықәса жьҭаара 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ах…
  2. Oct 10, 2026Ацәыргақәҵа "Варвара Бубнова лдунеи" аатит Москва, Пушкин ихьӡ зху аҳәынҭқарратә музеи аҿы…
  3. Oct 10, 2026Харитон Агрба WBA аверсиала аамҭалатәи адунеи ачемпионс дҟалеит. Агрбеи Заур Абдуллаеви еи…
  4. Oct 10, 2026РУСДРАМ апремиа "Звезда Театрала-2026" ашорт-бӷьыц иарбоуп. Искандер ихьӡ зху атеатр "Аҳәа…
  5. Oct 10, 2026Аԥсны ахада Ихраҿа агаразы аҽырыҩраҿы аиааирақәа згаз аҳамҭақәа ранеишьеит Бадра Гәынба. А…
  6. Oct 10, 2026Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр Пермтәи атәылаҿацә аҿы имҩаԥгахо VIII Амилаҭбжьаратә театрт…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →