Аԥсни Урыстәылеи русеицура азҵаарақәеи, урҭ уажәтәи рҭагылазаашьеи, ԥхьаҟатәи аҿиара алшарақәеи ирылацәажәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови.
Аиԥылара мҩаԥысит иахьа Аҟәа.
Аганқәа хазы ахшыҩзышьҭра арҭеит Аԥсны ауааԥсыра рзы урыстәылатәи атәылауаҩра аиқәыршәара.
Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Аԥсны АдәАР астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьемал Бганбеи, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинови, Ацҳаражәҳәарҭа актәи амаӡаныҟәгаҩ Алексеи Желыгини.
Post #21387
27
