TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21385 36
Ашәҟәыҩҩы, апублицист Даур Наҷҟьебиа изку адокументалтә фильм ҭырхуеит апроект "Аԥсны ауаа" аетап ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны, аинтернет аҿиара аинститут ацхыраарала.

Аҭыхрақәа хацыркхоит жьҭаара 10 рзы Аҟәа.

"Аԥсны ауаа" — ареспублика иналукааша ҳаамҭазтәи ахаҭарақәа ирызку адокументалтә фильмқәа ааба рыла ишьақәгылоу циклуп.

Авторцәа иазгәарҭоит, анаҩстәи аҭыхымҭа ашкол ԥсҭазаара ашьҭахь афизик изанааҭ алызхыз, аха арҿиаратә мҩа ианыланы аԥсуа радио аурыс маҵзура напхагара азҭоз Даур Наҷҟьебиа ирҿиаратә мҩа ишазкхо.

Ашәҟәыҩҩ ироман "Аҵх аԥшаҳәа" еиҭагоуп абызшәақәа жәпакы рахь, давторуп хыԥхьаӡара рацәала астатиақәа, ажәабжьқәа реизгақәа.

Апроект нагӡахоит аинтернет аҿиара аинститут (ИРИ) агрант ацхыраарала, ахырхарҭа "Амилаҭтә контент" аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Апроект акоманда: анапхгаҩы Сабыхә Мамедов; арежиссиор — Инар Нарманиа, асценарист — Наур Гармелиа, акоординатор — Арда Лышәба, анагӡаратә продиусер — Салима Лабиа, аредактор — Анжела Бебиаԥҳа.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 11, 2026Адомбеиқәа хԥа Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсаррахь иааргоит ашықәс нҵәаанӡа. Адомбеиқәа хԥа Аԥс…
  2. Oct 11, 2026Иштәоу иԥсылахо аҟаб, апатырқал-ԥшшәы змоу, уаа-шәҩык зҭачаша ар рычуан ду иаҟароу, џьгьар…
  3. Oct 11, 2026"Лыхнашҭа" — аԥсуа жәлар рҽаҩра иақәныҳәарц, аҿамаҿа агьама еибадырбарц имҩаԥырго ныҳәоуп…
  4. Oct 11, 2026Амилаҭтә спорт хәмаррақәа рҟны рхы ԥыршәоит аҽаҩраныҳәа "Лыхнашҭа" иалахәу. Ҷыдала — ахыци…
  5. Oct 11, 2026Ажәытәан аԥсуа џьыкҵәаҵәа аҳаҟьаҟны ишыҟарҵоз иҟасҵоит, — лҳәоит Дәрыԥшь ақыҭантәи аҽаҩран…
  6. Oct 11, 2026Ажьырӡы, амца, ашыла, нас ақалмышь. Ақалмышь аԥсуаа аныҳәақәа рзы аишәа иқәдыргыло ахаатә…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →