Асовет еибашьцәа ртәыла мацара адагьы адунеи зегьы афашизм иацәырыхьчеит ҳәа азгәалҭеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә Ахьӡ-аԥша аҳәынҭқарратә музеи адиректор Мзиа Беиаԥҳа.
ААУ аҿы ацәыргақәҵа "Европа ахақәиҭтәыҩцәа" аартраан дықәгыло, лара иазгәалҭеит афашизм аиааира ахә даара ишыҳаракыз — Аԥсны иалҵызгьы уахь иналаҵаны, 27 миллионҩык Асовет Еидгыла ауааԥсыра аибашьраҿы ишҭахаз.
Аԥсны аибашьра Аветеранцәа рассоциациа ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Денис Соломко иҳәеит ацәыргақәҵа акыршаҵанакуа, 80 шықәса раԥхьеиԥш иахьагьы, ауаатәыҩса зегьы ирзеиԥшу амазарақәа ирыхьмырԥшыкәа зхы иақәиҭны анхара зҭаху ажәларқәа рҿаԥхьа иахьгылоу ашәарҭарақәа шцәырҵуа инамаданы.
Post #21377
26