Аҽаҩраныҳәа "Лыхнашҭа" мҩаԥыргоижьҭеи сынтәа 42 шықәса ҵуеит.
Раԥхьаӡа акәны аҽаҩраныҳәа мҩаԥган 1984 шықәсазы.
Ажәлар рныҳәа азгәаҭара аҭоурых аҟынтәи.
Аҵарауаҩ, аетнограф Иури Аргәын еиқәиршәаз "Лыхнашҭа аныҳәа аԥҟареи асценартә плани" захьӡу ашәҟәаҟны аусмҩаԥгатә ахықәкы ҳәа абас арбоуп: аныҳәа ахықәкы — ажәлар ртрадициатә нхамҩеи, рнапуратә ҟазареи раалыҵкәеи, рыфатәқәа-рыжәтәқәа, рҽеилаҳәашьеи, иара убасгьы рышәаҳәара-рыкәашаратә, рмузыкатә, ражәаҳәаратә ҟазареи, реилҟьа-еилӷәыцәра алзыршо рыспорттә еицлабрақәеи, рҽыбӷаҟазареи уҳәа иахьатәи аԥсҭазаараҿы маҭәахәра злоу реиҭашьақәыргылара, ԥхьаҟа иҵегь рырҿиара, урҭқәа зегьы асоциалисттә бзазара иацәымӡарц, уи иҵегь илашаны иҟаларц азы ирыхәҭоу астимул рыҭара апропаганда рзура уҳәа роуп ихадоу аныҳәа ахықәкқәа.
Аныҳәа ахықәкы, аиҿкаареи анапхгара аҭареи, аныҳәа иалыхәхарц зылшо, аныҳәа ахәҭақәа, ахыркәшареи уҳәа "Лыхнашҭа" анаԥшьыргоз хықәкыс ирымази, иацтәи иахьатәи аамҭа еиҿзырԥшыр, аҭоурых инҭырҳәцааны иҭызҵаар зҭаху шәаԥхьар ҟалоит Аԥснытека аҿы.
#social
Post #21315
37
