Адунеи макьанагьы 2016 шықәсазы Аԥсны имҩаԥысыз ашьапылампыл азы CONIFA Ачемпионат аӡбахә рҳәоит ҳәа азгәаиҭеит аконфедерациа ахада Пер-Андерс Блинд.
Иара иажәақәа рыла, жәашықәса раԥхьа ареспублика адунеи иацеиҩыршеит ацәанырра ԥхақәа.
"Зегьы 2016 шықәсазы имҩаԥысуыз ашьапылампыл ачемпионат шыргәаԥхаз, Аԥсны жәлар бзиа ишырбаз атәы рҳәоит иахьагьы уи иалахәыз", — иҳәеит иара.
🖇️ Аԥсны ҩаԥхьа 2028 шықәсазы Ачемпионат амҩаԥгаразы азыҳәа ҟанаҵоит. Андерс агәыӷра ааирԥшит уи анагӡара шалыршахо, ареспубликаҿы ҩаԥхьа русура шеиҿкаахо азы.
#social
Post #21242
39